Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Дочиаԥҳа лӷьычра аус азы ахарадҵа жәабран 24 ирыларҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОглашение приговора
Оглашение приговора  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы аӡбраеиларгара хыркәшаны ажьырныҳәа 20 рзы, ахара зыдҵаз аҵыхәтәантәи ражәахә рҳәеит. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахарадҵа рылаҳәара жәабран 24 рахь иианагеит.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ахыркәшаратә усӡбара иалахәын ахара зыдҵаз ҩыџьа – Алхас Ӡиӡариеи Џьумбер Аҩӡбеи. Геннади Блаб игәамбзиара иахҟьаны дыҟамызт, Арден Чантуриа аӡбарҭахь анеира мап ацәикит.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Озган ишьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟаз ахаҿы абахҭаҟны дыршьит

Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ахара здыз Асҭамыр Ӡиӡариа жәабран 4 рзы абахҭаҟны дыршьит.

Аханатә иазыԥхьагәаҭан жәабран 13 рзтәи аилатәараҿ аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа ахарадҵа даԥхьоит ҳәа. Аха аҵыхәтәантәи ахҭысқәа инарымаданы аҭагылазаашьа аҽаԥсахит.

Мимоза Цәышԥҳа еизаз ирылалҳәеит Асҭамыр Ӡиӡариа ашьаусшьҭазаара даҵанакуам иԥсҭазаара дахьалҵыз аҟынтә ҳәа. Иуацәа иралҳәеит ирқьиара дҵаны иҟарҵар шыҟало. Асҭамыра Ӡиӡариа иуацәа уи иашам ҳәа ахҳәааны, аӡбаҩ аӡбамҭа рылалҳәарц лыдырҵеит.

"Ҳара иаҳҭахуп Асҭамыр Ӡиӡариа ҩышықәса дызҭакыз, заҟа шықәса иқәышәҵарц шәҭаху еилаҳкаарц", - лҳәеит Асҭамыра иаҳәшьа Стелла Ӡиӡариаԥҳа.

Лара лашьа даныршь ашьҭахь ихаҭарнакыс аӡбарҭаҿ дыҟоуп.

Аӡбаҩ илҳәеит азин шлымам Асҭамыр Ӡиӡариа иганахь ала ахарадҵа аҟаҵара, иара иганахь ала аус аанкылахароуп ма иацҵаны дырқьиатәуп.

Ахьчаҩцәа рган ирҳәеит ишырзымдыруа аӡбаҩ харадҵаны иҟалҵараны дыҟаз, убри азы даргьы иҟарҵаша рыздырам: аус аанкылатәу иацҵаны ирқьиара иашьҭалатәу.

Аамҭақәак рышьҭахь Мимоза Цәышԥҳа аусӡбара иацылҵеит, аха Ӡиӡариа иуацәеи ихьчацәеи лареи ӡбамҭак рыдрымкылеит.

Суд по делу похищения Дочия  - Sputnik Аҧсны
Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рзы ахарадҵара рыларҳәоит жәабран 13 рзы

Абри ашьҭахь аӡбаҩ ахьчаҩцәагьы ахарадҵаҩцәагьы дрыҳәеит ргәаанагара рҳәарц. Дара ақәшаҳаҭхеит. Насоуп аӡбаҩ аӡбамҭа жәабран 24 рзы ирыласҳәоит ҳәа анылыӡба.

Ирина Дочиаԥҳа дырӷьычит 2016 шықәса ԥхынгәы 2 рзы, ахәылбыҽха асааҭ 23:40 рзы Аҟәа, Леон имҩа, аҩны 31 аҟынтә. Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2 2016 шықәса рзы ирӷьычыз, нанҳәа 17 рзы лхы дақәиҭыртәит хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны.

Ирина Дочиаԥҳа 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Асҭамыр Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Дмитри Озган иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп.

Дмитри Озган ишьра далахәын ҳәа зыхьӡ ҳәаз Асҭамыр Ӡиӡариа дшьын Дранда абахҭаҿы, жәабран 4 ауха.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0