АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит аԥшыхәыҩ ду, 1945 шықәса рзы польшатәи ақалақь Краков ахақәиҭтәразы аоперациа напхгара азҭоз Алексеи Ботиан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Иԥсҭазаара далҵит Алексеи Николаи-иԥа Ботиана", — ҳәа РИА Новости иазааицҳаит Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра Амаҵзура апресс-биуро анапхгаҩы Сергеи Иванов.
Алексеи Ботиан иеибашьратә мҩа хацыркхеит цәыббра 1 1939 шықәса рзы польшатәи ар дрыланы.
Польша акапитулиациа ашьҭахь архәҭа Асовет ар рыҽрырҭеит. Ботиан советтә тәылауаҩхеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥшыхәратә школ дахырыԥхьаӡалеит.
Шықәса рзы игәыԥ иалнаршеит аӡиас Дунаец аҟны аӡеизакырҭа аԥжәара аԥырҟәҟәаара. Аӡеизакырҭа ԥжәазҭгьы асовет ар аанкылахон, Краковгьы аӡы ахыҵәон.
Аибашьра ашьҭахь Алексеи Ботиан адәныҟаԥшыхәраҿ иусура иациҵеит.