АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Будапешт ахақәиҭтәра 75-шықәса ахыҵра аламҭалазы адокументқәа рымаӡара рхырхит.
Будапешт ахақәиҭтәразы аоперациа 108 мши-ҵхи ицон. Будапешт аиԥш рхы иақәиҭтәын Венгриа егьырҭ араионқәагьы.
"Венгриа аҳҭнықалақь анемец-фашисттә ар рзы астратегиатә ҵак ду аман. Ақалақь шамаха унапаҿы иузаамго хырӷәӷәарҭаны иҟан", - азгәаҭоуп аминистрра ашәҟәаҿы.
Аусбарҭа асаит аҿы ицәыргоуп архив хада афондқәа рҟынтәи иуникалтәу аматериалқәа.
Адокументқәа ирылоуп аоперациа алагамҭазы аӷа иҽеидкылашьа асхемақәа, афашистцәа атҟәацәа ишрызныҟәоз атәы зҳәо аршаҳаҭгақәа, аҿахәҿыхрақәа.
Иҟоуп венгриатәи ақалақь Сегед инхоз аурым уааԥсыра рҭархара атәы зҳәо адокументқәа.
Ара иӡыргоуп Будапешт, 1945 шықәса рзы ахы ианақәиҭыртә ирбаз 500-ҩык аҭынч уааԥсыра рыԥсыбаҩқәа рфотосахьақәа.
Атәылахьчара аминистрра иазгәанаҭоит адокументқәа раргамара азырхоуп аҭоурых аиашара ахьчара, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аҽакала аҭагылазаашьа аиҭакра алмыршара ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: