Џьопуа ахәыҷтәы хәышәтәырҭазы: хәы-ҟәшак аманы, ԥшь-еихагылакны иҟалоит

© Sputnik / Авидзба БадракРемонтные работы в Республиканской детской больнице
Ремонтные работы в Республиканской детской больнице - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа хәы-ҟәшак аманы, ԥшь-еихагылакны иҟалоит. Иаартхоит ареанимациа, ахирургиа, атравматологиа, аҿыцира, асоматикатә ҟәшақәа.

АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ҿыц дыргылараны иҟоуп 2022 шықәсанӡа, Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.

"2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограммахь иаҵанакит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара. Сара адҵа сырҭеит заҟа еихагыла, заҟа ҟәша ҳҭахны ҳаҟоу шьақәсыргыларц. Ашәҟәқәа рхианы исышьҭит Агәабзиарахьчара аминистррахь. 2020 шықәса аҩныҵҟала апроект-сметатә документациа рхиазароуп. Аргылара иалагоит 2021 шықәса рзы", - иҳәеит иара.

Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа хәы-ҟәшак аманы, ԥшь-еихагылакны иҟалоит.

Иаартхоит ареанимациа, ахирургиа, атравматологиа, аҿыцира, асоматикатә ҟәшақәа.

"Ахәышәтәырҭаҿы хымԥада иҟалоит ҿыц ииз ацхыраара ахьрырҭо аҟәша ҿыц. Апрограммаҿ иарбоуп 200 миллион мааҭ азоужьуп ҳәа. Ԥара дук ауп ҳәа иубаргьы ианазымхо ҟалоит", - иҳәеит иара.

Ахыбра ҿыц дыргылоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа иахьаҵанакуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0