Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арџьениа: Гәдоуҭа амшцәгьақәа раан амаҵзура ҷыдақәа русура еиҿкаарыла имҩаԥган

© Sputnik / Томас ТхайцукЕнвер Арџьениа.
Енвер Арџьениа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аинформациатә ҟәша аиҳабы Енвер Арџьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы амшцәгьақәа раан амаҵзурақәа ҷыдақәа имҩаԥыргоз аусурақәа ртәы.
Арџьениа: Гәдоуҭа амшцәгьақәа раан амаҵзура ҷыдақәа русура еиҿкаарыла имҩаԥган

"Гәдоуҭа араион аҿы амшцәгьақәа раан амаҵзура ҷыдақәа зегьы, еиҳарак амҩа аусзуҩцәа аусурақәа мҩаԥыргон. Аҵаа аныҟаз амшқәа рзы амашьынақәа рныҟәара арманшәаларазы, заа еизганы амҩа ҿықәқәа аҩадарақәа рҿы икаԥсаз аԥслымӡ ианаамҭаз амҩақәа ирықәыԥсан, уи алагьы амҩатә машәыр ҳәа акгьы ҟамлаӡеит. Афымцанхамҩа аусзуҩцәагьы ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Шамахамзар, араион иахьаҵанакуа ақыҭақәа рҟынгьы еиԥҟьарада алашара рыман, насгьы ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп, амшцәгьа иахҟьаны ақалақь иалсуа х-ӡиаск амшын иахьалало аӡышьҭрақәа рҿы аӡы ҭачны ауааԥсыра ирыҵамларц азы атехника ҷыда аус ауан, убри аҟнытә иҟаз амшцәгьақәа ԥырхага анхацәа ирырымҭеит. Урҭ аусурақәа зегьы еиҿкаарыла ишымҩаԥгаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Арџьениа.           

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0