Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵулукьиа Афганисҭан аррамаҵзуразы: хьымӡӷ ҳамгандаз ҳәа ахәыцра ыҟан

© SputnikДаур Ҵулукьиа
Даур Ҵулукьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афганисҭан еибашьуаз аветеранцәа реидгыла ахантәаҩы Даур Ҵулукьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи атәылаҟны аррамаҵзура шырхыргоз. Иара аррамаҵзура ихигон 1981 инаркны 1983 шықәсанӡа.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҵулукьиа Афганисҭан аррамаҵзура иазкны

"Аидысларақәа есымша иҟан, иҭахаз рацәоуп. Афганисҭан арратә уалԥшьа зхызгоз рҟынтәи 15 нызқьҩык рҟынӡа ахәра зауны иԥсыз, иҭахаз ҟалеит. Аизыҟазаашьа атәы ҳҳәозар, уа акомандаҟаҵаҩцәеи асолдаҭцәеи реизыҟазаашьа цәгьаны ҟалашьа амамызт. Зегьы ирдыруан аӡә дҭахар, ма дырхәыр ҽаӡәы далигар шакәыз, амилаҭ рацәан, аха зегьы аӡәк иеиԥш ҳаҟан. Акомандаҟаҵаҩ асолдаҭ иҟынӡа ихы неигон, даҽа ҳаракырак ахь саҵанакуеит ҳәа аӡәгьы ихы мҩаԥигомызт. Зегьы еиԥшын, исолдаҭцәан.

Арра ҳаныргоз ирҳәаӡомызт иарбан хырхарҭаз ҳахьақәшәоз. Аеродром аҟны ҳаннарга, Абжьаратәи Азиа қалақьк ахь ҳаргоит рҳәеит, аҳауаҟны ҳаныҟала ирҳәеит ҳахьцоз. Иахьа аамҭақәа даҽакуп, насгьы ҳааӡара ҽакала иҟан. Иҳаҳахьан ахәынҭқарраҟны иҟоу, ҳаԥхьа иргахьаз ыҟан, аха абра ҳашԥақәшәеи ҳәа аӡәгьы акгьы имҳәеит. Досу идыруан 2-3 шықәса, шаҟа аамҭа иқәшәоз, ихигар акәын. Иҟалап, апатриотизм ҳәа ззырҳәо мчык ҳааннакылозҭгьы. Насгьы аҳәынҭқарра ду аҟынтәи уанаарышьҭ, хьымӡӷ ҳамгандаз ҳәа ахәыцра ҳаман. Адҵа иҳамаз ҳзынагӡандаз ҳәа ҳаҟан", - иҳәеит Ҵулукьиа.

Асовет ар Афганисҭан иаларгалеит 1979 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы, иалыргеит 1989 шықәса жәабран 15 рзы. Аибашьра ахьынӡацоз жәа-шықәса ирылагӡаны 15 нызқьҩык асовет еибашьцәа ҭахеит. Аԥснынтәи 300-ҩык инареиҳаны Афганисҭанҟа аррамаҵзура рхыргарц ишьҭын, урҭ рахьтә 13-ҩык уи аибашьраҟны иҭахеит.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0