Ажәылашьа здыруа: ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр иҭоурых

© Foto / предоставлено Дауром Квеквескири Даур Кәакәасқьыр
Даур Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
22 шықәса зхыҵуа ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр Красноиарсктәи "Енисеи" аҿы дыхәмаруеит. 12 шықәса ихыҵижьҭеи Урыстәылеи Европеи ркомандақәа жәпакы рзы дықәгылахьеит. Даур иаҳзеиҭеиҳәеит ишьапылампылтә ԥсҭазаара шалагаз, уадаҩрақәас иԥылоз, гәҭакқәас имоу уҳәа ртәы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Иреиӷьу ажәылаҩ

Ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр аҵыхәтәантәи ажәашықәсазы Урыстәылеи Европеи ақалақьқәа жәпакы еимидахьеит, аха аамҭа шааиԥшаалак, хымԥада Баслахә ақыҭан иаб иџьынџь даҭаауеит. Уажәгьы аҽазыҟаҵарақәеи ахәмаррақәеи ҩымш рхаршәаланы данаа, аибабара ҳалшеит.

"Иахьа ирацәаҩуп иџьазшьо апрофессионалтә шьапылампыл сҽахьазыскыз, избан акәзар саныхәыҷыз даараӡа сҟазшьа бааԥсын. Мыцхәы сахьыласыз аҟнытә сеиҳабацәа сыбжьысыр ҳәа ишәон, аха саб ашьапылампыл сшазшаз агәра ганы дыҟан", - игәалаиршәоит Даур.

© Foto / Даур КвеквескириДаур Кәакәасқьыр данмаҷӡаз инаркны ашьапылампыл агәыбылра шьҭихит
Ажәылашьа здыруа: ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Даур Кәакәасқьыр данмаҷӡаз инаркны ашьапылампыл агәыбылра шьҭихит

Даур иаб Павел Кәакәасқьыр иԥсҭазаара даналҵыз иара аа-шықәса ракәын ихыҵуаз, аха иаб иажәақәа ибзиаӡаны игәалашәараҿы иаанхеит. Арԥыс данмаҷӡаз инаркны ашьапылампыл агәыбылра шьҭихит. Иҩызцәа адәаҿы чабракаршәи аҽыҵәахреи ианыхәмаруаз, Даур хәмаргас ииҭахӡаз ампыл заҵәык акәын. Фышықәса анихыҵуаз инаркны Галтәи "Самырзаҟан" азы ахәмарра далагеит. Аханатәгьы ампыл амба аҭаршәра бзиа ибон азы, раԥхьатәи иазыҟаҵаҩ Џьумбер Анџьаԥариӡе ажәылаҩ иҭыԥ аҟны диргылон.

Алҭаи Агрба - Sputnik Аҧсны
Ҭырқəтəылатәи инагоу ашьапылампылтə клубқəа деимаркуеит: Алҭаи Агрба иҭоурых

Гал ассы-лассы ашьапылампылтә еиндаҭларақәа ыҟамызт аҟнытә, ԥыҭрак ашьҭахь Даур Очамчыратәи акомандахь диасит. Дук мырҵыкәа Аҟәа имҩаԥысуаз ашьапылампылтә турнир аҟны очамчыраа актәи аҭыԥ ааныркылеит, уи адагьы хаҭалатәи аҩаӡараҿы Даур иааирԥшит алҵшәа бзиақәа – иҽаԥсеитәит иреиӷьу ажәылаҩ ихраҿа.

Зыдунеи зыԥсаххьоу ашьапылампыл азыҟаҵаҩ Радик Аҩӡба ари атурнир аҟны арԥыс ибаҩхатәра азгәеиҭан, Аҟәатәи "Нарҭ" ахь ахәмарра диасырц идигалеит. 11 шықәса зхыҵуаз Даур иауз ааԥхьара дақәшаҳаҭхан, акоманда ҿыц азы раԥхьатәи исезон иалагӡаны 35 мпыл ҭаршәны дырҩегь иқәла зықәлоу ажәылаҩ Аԥсны дшыҟамыз шьақәирӷәӷәеит.

Ашьапылампыл ду ашҟа ашьаҿа

Ҩымз рышьҭахь Нарҭ алахәхеит Дагомыс ақалақь аҟны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ашьапылампылтә еиндаҭлара. Аԥсуа шьапылампыласҩы қәыԥшцәа ари атурнир аҟны актәи аҭыԥ аанкылара ахьрылшаз Даур илагалагьы рацәан. Фы-хәмаррак рыла 16 мпыл ҭазыршәыз ажәылаҩ Урыстәыла иреиӷьу акомандақәа жәпакы деицгәарҭан, ааԥхьара изҭаз иреиуоуп Москватәи ЦСКА, Коноплиов ихьӡ зху Тольиаттитәи Ашьапылампылтә академиа, Краснодартәи Академиа, иара убас Москватәи Локомотив.

© Foto / Даур Квеквескири Даур Кәакәасқьыр дхәыҷаахыс ашьапылампыласраҿы аҟыбаҩ шилаз ааԥшит
Ажәылашьа здыруа: ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Даур Кәакәасқьыр дхәыҷаахыс ашьапылампыласраҿы аҟыбаҩ шилаз ааԥшит

Арԥыс изы зегьы дара ракәын, аизҳаразы иахьакәзаалакгьы ацара дақәшаҳаҭын, аха "Нарҭ" анапхгареи Даур иаб иашьцәеи Коноплиов ихьӡ зху Академиа еиҳа изеиӷьхап ҳәа еицырыӡбан, Тольиатти ддәықәырҵеит. Ҩымчыбжь ирылагӡаны аԥсуа жәылаҩ ихәмаршьа иахәаԥшуан, аԥышәара дахрыжьуан Академиа анапхгареи азыҟаҵаҩцәеи. Даур иакәзар, ампылқәа шҭаиршәыц иҭаиршәуан аҟнытә, уадаҩрада Академиа даднакылеит.

Финальный матч Кубка Абхазии по футболу между Сухумским Нартом и гудаутской Рицой на столичном стадионе Динамо - Sputnik Аҧсны
Шабаҭ Логәуеи Сербиатәи ашьапылампылтә клуби аилаӡара рыбжьарҵеит

Даур Урыстәыла иреиӷьӡоу акомандақәа ааԥхьара ширҭац ирҭон хышықәса рыҩнуҵҟа Тольиатти дыхәмаруанаҵгьы. Урҭ зегьы рҟынтәи 15 шықәса зхыҵуаз аԥсуа шьапылампыласҩы Краснодартәи ашьапылампылтә Академиа алихит. Акоманда ҿыц аҟны азыҟаҵаҩцәа Даур ихәмаршьагьы аԥсахрақәа аларгалеит. Уаанӡа ажәылаҩ иҭыԥ аҟны мацара дыхәмаруазҭгьы, уажәшьҭа ахьчаҩбжа ироль наигӡон.

Краснодартәи Академиаҟны ԥшь-сезонк ирылагӡаны Даур кыр деизҳаит, ашьапылампыласҩы иаҳасабала дшьақәгылеит. Аха аамҭак азы Краснодар азыҟаҵаҩ ҿыци иареи реизыҟазаашьақәа бжьысит аҟнытә, даҽаџьара диасырц иӡбеит.

Раԥхьатәи аихьӡарақәеи ауадаҩрақәеи

2017 шықәса алагамҭазы ашьапылампылтә агент Ҭемыр Хынҭәба ицхыраарала Даур Кәакәасқьыр Сербиатәи аклуб "Напридак" аҟны аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит. Аха асезон азбжак мҩасхьан аҟнытә, аклуб ҿыц азы Даур сезонбжак ауп ахәмарра дахьахьӡаз. "Напридак" уи асезон аҟны маҷӡак ауп иагхаз амилаҭтә чемпионат аҟны 4-тәи аҭыԥ ааннакыларц. Иреиӷьу акомандақәа ԥшьба рхыԥхьаӡара иалашәазҭгьы, Европатәи алигаҿы ахәмарра азин рынаҭон.

© Foto / Даур Квеквескири22 шықәса зхыҵуа Даур Кәакәасқьыр ишьапылампылтә мҩаҟны имаҷымкәа ауадаҩрақәа ихигахьеит
Ажәылашьа здыруа: ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр иҭоурых - Sputnik Аҧсны
22 шықәса зхыҵуа Даур Кәакәасқьыр ишьапылампылтә мҩаҟны имаҷымкәа ауадаҩрақәа ихигахьеит

Асезон ҿыц анааи, "Напридак" напхгара азҭаз азыҟаҵаҩ ҿыц Даур асерб бызшәа ахьизымдыруаз игәамԥхаӡеит аҟнытә, ахәмарҩи азыҟаҵаҩи реизыҟазаашьақәа маншәаламхаӡеит. Аԥхын, 2017 шықәсазы Даур Польшатәи алигахь аиасразы алшара изцәырҵит. Аха атрансферқәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны аклуб ахьизымԥшааз иахҟьаны, даҽа шықәсыбжак ашьапылампыл ду ада даанхеит.

"Фымз ашьапылампыласҩы изы имаҷӡам, ари аамҭа иалагӡаны иуцәыӡуеит амчгьы, агәалаҟарагьы. Саргьы ари аҭагылазаашьа даараӡа сеиԥнарҟьеит, сгәы ԥнажәеит. Зны-зынла зегь реиԥш џьара усурҭак ԥшаатәуп ҳәа ахәыцрақәагьы сзаауан. Аха сызнысыз амҩа заҟа ихьанҭаз анысгәалашәалак, еилыскаауан ашьапылампыл ааныжьра азин шсымам, еиӷьысшьо занааҭкгьы шзыҟамло. Уи адагьы, сҭаацәа, саб иашьцәа рџьабааи исыдырҳәалоз агәыӷрақәеи схы-сгәы азҭарҵон, амч ҿыцқәа сыларҵон. Уаҳа аамҭа арӡра ҟаломызт, скариера еиқәсырхарц азы аусура сыдызгалаша аклуб ҿыц ԥшаатәын", - игәалаиршәоит Даур.

Даур шықәсык аҩнуҵҟа "Биолог" Новокубанск, "Знамя Труда" реиԥш иҟаз, Урыстәыла 2-тәи алига иалахәу акомандақәа рзы дыхәмаруан. Аҵыхәтәантәи акомандаҿы – шықәсыбжак зынӡагьы хәыда-ԥсада. Уи аамҭазы Даур изы аԥара азҵаара аҵыхәтәантәи аҭыԥ аҟны игылан, аҽышьақәыргылара акәын ихадаз.

2018 шықәса анҵәамҭазы Даур длаԥшықәнаҵеит Урыстәылатәи Амилаҭтә шьапылампылтә лига (ФНЛ) иалахәу Владивостоктәи "Луч". Дук мырҵыкәа Даур уи анапхгара аҟнытә Ҭырқәтәыла имҩаԥысраны иҟаз азеиԥш ҽазыҟаҵарақәа рахь ааԥхьара иоуит.

Аха дырҩегь ауадаҩрақәа ҟалан, уи ашықәс азы аԥсуа хәмарҩы Владивостокҟа ицара залмыршахеит. Уи ашьҭахь Даур Тольиатти ақалақь аҟны еиҿыркааз аклуб ҿыц "Акрон" аҟны аҽазыҟаҵарақәа дырҿын. Хымз рышьҭахь Владивостоктәи акоманда анапхгара ахәмарҩы дырҩегь аҭел изасит.

© Foto / Даур КвеквескириУажәы иара дыхәмаруеит Красноиарсктәи "Енисеи" азы
Ажәылашьа здыруа: ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Уажәы иара дыхәмаруеит Красноиарсктәи "Енисеи" азы

"Ари аҩыза аҭагылазаашьа аныҟала, иҟасҵаша схала ианысзымыӡба, "Акрон" азыҟаҵаҩ сиазҵааит. Иара исабжьигеит "Луч" ааԥхьара сыдыскыларц, избан акәзар ҩаӡарала уи акоманда, ҳәара аҭахума, сахьыҟаз аасҭа кыр еиҳан. Насгьы иара исеиҳәеит ахынҳәра сҭаххар, сара сзы "Акрон" ашәқәа еснагь ишаарту. Уи аҽныҵәҟьа абилеҭ аахәаны амҩа сықәлеит", - еиҭеиҳәоит Даур.

Владивостоктәи Луч аҟны Даур Кәакәасқьыр аԥхьантәи ихәмарра аҩаӡарахь деиҭахынҳәын, 23 хәмарра иҽрылархәны асезон бзиа мҩаԥигеит. Аха ахәмарҩы икариера иахьациҵало агәыԥ иԥшааит ҳәа игәы ианаанагоз аамҭазы анапхгараҿы ауадаҩрақәа еиҳа-еиҳа еизҳауан. Хәымз раахыс ауалфахәы змоуаз агәыԥ ахәмарҩцәа зегьы ашьапылампылтә дәахьы ацәырҵра мап ацәыркит.

Даҽа ԥышәарак

Убри аамҭазы "Луч" азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩ Амилаҭтә шьапылампылтә лигаҿы (ФНЛ) иқәгыло Красноиарсктәи "Енисеи" ахь усура диасит. Даур ҭелла уи азыҟаҵаҩ иҽимаидан, Красноиарсктәи аклуб ахь ииагара азҵаара шьҭихырц иӡбеит, Владивосток аанхара шҵакыдоу агәра анига. Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз азеиԥш командатә ҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь Даур "Енисеи" ахәмарыҩцәа дыруаӡәкхеит. Аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит имшира – жәабран 7 аҽны. Ашьапылампылтә сезон аҩбатәи аикәшара хацыркхоит ааԥын алагамҭазы.

Аԥсны Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампылтә чымазара, мамзаргьы згәы бааԥсу ашьапылампыл

Аҽазыҟаҵара, ииашаны акрыфара, аԥсшьара – абарҭ аԥҟарақәа Даур Кәакәасқьыр иажәақәа рыла ашьапылампыласҩы изы зегь раасҭа ихадоуп. Ашьапылампылтә сезон аламҭалазы, мышкахьы ҩынтә аҽазыҟаҵарақәа аныҟоу, есыҽны аџьабаа хьанҭа уҟәаҟәа ианықәу, угәы аныԥҵәогьы ҟалалоит ҳәа азгәеиҭоит иара. Аха Даур уи ацәанырра лассы даиааины, ихәыцрақәеи имчқәеи ашьапылампыл мацара иазикуеит.

Адунеи аҟны Даур зегьы ирыликаауа шьапылампылтә клубуп Каталониатәи "Барселона", иреиӷьишьо хәмарҩуп уи аԥхьагылаҩ Леонель Месси. Даур иажәақәа рыла, ахьтәы мпылқәа фба рыԥшәма ихәмаршьа даҽакы иалаҩашьаӡом, ахәмаррақәа раан зны-зынла иаргьы Месси истиль ихы иаирхәоит.

Даур Кәакәасқьыр есааира иҿыцу ахықәкқәа зҿаԥхьа иқәзыргыло, ауадаҩрақәа ирцәымшәо спортсменуп. Иахьатәи аамҭазы имоу ахықәкқәа иреиуоуп ҩышықәса ирылагӡаны Урыстәыла иреиҳау ашьапылампылтә лигахь ацәырҵра. Уи ашьҭахь - аклубқәа рыҩаӡараҿы адунеи аҟны зегь раасҭа ахьӡ змоу Ачемпионцәа рлига аҽалархәра.

Уажәазы Даур икоманда ҿыц имҩаԥнаго азеиԥш ҽазыҟаҵарақәа рахь амҩа дықәлеит. Иара агәра ганы дыҟоуп еиҳау ауадаҩрақәагьы аихьӡарақәагьы иаԥхьаҟа ишизыԥшу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0