Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ануаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи ауараштә зауад иаԥшьнаго аҿыҵрақәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАмра Ануа
Амра Ануа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ауараштә зауад аиҳабы Амра Ануаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа "Продэкспо- 2020" аҟны аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьарҵаз , урҭ лҵшәас иаарышьҭуа атәы.
Ануаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи ауараштә зауад иаԥшьнаго аҿыҵрақәа ртәы

Афатәқәеи арыжәтәқәеи, урҭ злырхуа аалыҵи жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа "Продэкспо-2020" Москва имҩаԥысуан жәабран 10 инаркны 14-нӡа. Уи аҟны ицәырган 2 нызқь инареиҳаны аҳәаанырцәтәии аурыс еилахәрақәеи 70 ҳәынҭқарра рҟынтә.

"Ҵыԥх ҳхы алаҳархәит ацәыргақәҵа. Аицлабра аҟынтәи аԥхьахәқәа ааҳгеит. Сынтәа ацәыргақәҵа партниорк аҳасабала ҳаҭааит, еиуеиԥшым анаплакқәеи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵарц. Азауад аҿиара иаҿуп, амаҭәахәқәа ааҳхәоит. Ачехцәа реилахәреи ҳареи Москва ацәыргақәҵаҟны аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит аԥхын аиаанӡа амаруга ҿыцқәа ҳарҭарц ауараш аршразы. Амаруга ҿыцқәа шьықәҳаргылоит, иҳауа ацәаҳәақәа рымч акыр иӷәӷәоуп, 12 нызқь ԥатлыка ауараш аҭаҭәаразы алшара ыҟоуп. Аԥхын ауаа рацәахоит, ҳзауад аусура аамҭа ҳәа хымз амоуп. Иаҳзаауа аԥсшьаҩы еиԥҟьарада ҳаалыҵ иоуртә аҟаҵара ҳашьҭоуп. Убасгьы ашықәс нҵәаанӡа арыжәтә џьбара аҭыжьра ҳгәы иҭоуп. Даҽа наплакыки ҳареи аиҿцәажәара ҳаман. Иҳаԥшааит уи зҭаҳҭәо аԥатлыка ԥшӡа, уи азауад иагьҭнажьуеит, адекор ҟанаҵартә еиԥшгьы алшара амоуп", - лҳәеит Ануаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0