Ажәлар рҭахра иазхьамԥшкәа: Аԥснытәи ССР Қырҭтәыла автономиа ҳасабла ишаларҵаз

© Sputnik / Шерстенников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАжәлар рҭахра иазхьамԥшкәа: Аԥснытәи ССР Қырҭтәыла автономиа ҳасабла ишаларҵаз
Ажәлар рҭахра иазхьамԥшкәа: Аԥснытәи ССР Қырҭтәыла автономиа ҳасабла ишаларҵаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 19, 1931 шықәса рзы VI Қырҭтәылазегьтәи Ахеилакқәа реизара ду аҟны ирыдкылан "аиқәшаҳаҭратә" қәҵара Аԥсны ССР автономтә республикак аҳасабала Қырҭтәылатәи ССР алаҵаразы.

Ари аӡбара шрыдыркылози Аԥсны атәылауаа уи ишазыҟази, Аԥсны аиҳабыра уи аҿагылара залымшози уҳәа ртәы Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

ССР Аԥсны автономтә республикак аҳасабала Қырҭтәылатәи ССР алаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны ацентртә анагӡаратә еилакы III асессиаҿы, иагьышьақәырӷәӷәан 1931 шықәса жәабран 11 рзы имҩаԥысуаз Аԥснытәи Ахеилакқәа VI реизара ду аҟны.

Sputnik

Аԥсны Қырҭтәыла ишадырҵаз

Аԥснытәи ССР автономтә республикак аҳасабала Қырҭтәылатәи ССР адҵара Қырҭтәыла аиҳабыра аԥсуа жәлар рхала ирҭахызшәа иӡырыргеит.

"1931 шықәса, жәабран 11 рзы Аԥсны Ахеилакқәа реизара ду аҟны аҳәара ҟаҵан Қырҭтәылатәи ССР Ахеилакқәа реизара ду аҿы Аԥсны автономтә республикак аҳасабала Қырҭтәыла иалаҵазарц. Ари аԥсуа жәлар рҭахрак аиԥш иарбан. Уи иаанаго жәабран 19 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуаз аусқәа зегьы Қырҭтәылатәи ССР ишаҳәоз еиԥш имҩаԥнагон", - иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.

Аидылара алыршахеит Москва, Иосиф Сталин инапхгарала, Қырҭтәыла иахьадгылоз азы.

"Аҭагылазаашьа иҵегьы иуадаҩхар ҟалон Аԥсны Нестор Лакоба иакәымкәа даҽаӡәы дахагылазҭгьы. Иара имаз аҳаҭыри анырреи ирыҩзоураны хаҭала зыӡбара илшоз азҵаарақәа рацәан. Арахь иаҵанакуеит аколлективизациа азҵаара. Уи апроцесс усҟан СССР атәылақәа зегьы рҟны имҩаԥысуан. Аԥсны уи маҷк еиҳа иԥсыҽны имҩаԥысуан. Лакоба Аԥсны аколлективизациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара ахьалимыршоз азы ҽԥныҳәа изҭоз ачынуаа рацәаҩын. Иара иуамызт акәылакцәа ҳәа ирыԥхьаӡоз зегьы ахара рыдҵара, рахьырхәра, ирымаз-ирыхӡыз рымхра", - ҳәа азгәеиҭоит Аҩӡба.

Аҟәа амитинг, 1921 шықәса, хәажәкыра. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа 1921 шықәсазы ақырҭуа меншевикцәа рҟынтә ахақәиҭра иазықәԥон

Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба ишәҟәы "Аԥсуа жәлар рмилаҭтә ҵысра аформеи аҵаки" аҟны иҩуеит 1931 шықәса рзы Сталин имҩаԥигоз ақәыӷәӷәарала Қырҭтәылатәи ССР иалаҵан ҳәа.

"Абри аамҭа инаркны аԥсуа жәлар рганахьала Қырҭтәыла аколониализми амилаҭеилыхреи рполитика мҩаԥнагон. Хықәкыс иҟазгьы аԥсуаа ақырҭцәа рылаӡҩара акәын. Аамҭакала ақырҭуа милаҭ ахыганы Аԥсныҟа иааганы рнырхара апрограмма мҩаԥыргон. Уи иалнаршеит адемографиатә ҭагылазаашьа аамҭа маҷк иҭагӡаны ӷәӷәала аиҭакра", - ҳәа иҩуеит иара.

Гәырам Гәымба иазгәеиҭоит Иосиф Сталин иқәыӷәӷәарала Аԥсны анапхгара рнапы ырҵәины шакәыз Қырҭтәыла иаҭахыз аусқәа шымҩаԥыргоз.

"Аԥсны анапхгара иауа-иашәаны даҽа лшарак рыманы иҟамызт. Рхала ртәылаҟны акгьы рзыӡбомызт", - иҳәоит аҵарауаҩ.

1921 шықәса рзы Ар Ҟаԥшь рыцхыраарала асовет мчра Аахыҵ Кавказ ианышьақәгыла ашьҭахь Аԥсны анапхгара аҿаԥхьа Кавбиуро ЦК РКП(б) аганахьала аультиматум иқәыргылан:

  • Ихьыԥшым Аԥсны аекономикатәи аполитикатәи ганахьала аҟазаара хаҳара алам ҳәа ашьара.
  • Аԥсны Қырҭтәылатәи афедерациахь еиқәшаҳаҭрала ма автономиак аҳасабала алаларазы Ешба аӡбамҭа идикыларц.

(1921 шықәса абҵара 16 рызтәи ақәҵара).

"Ажәытә аамҭақәа инадыркны иахьанӡа Аԥсны аҭоурых" захьӡу ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны автономтә республикак аҳасаб ала аиҭеиҿкаара иахәаԥшын 1931 шықәса жәабран 11 рзы имҩаԥысуаз Аԥснытәи Ахеилакқәа VI реизара ду аҟны ҳәа. Аԥсны ари астатус аманы иҟан 1991 шықәса ԥхынҷкәын 21 аҟынӡа.

"Аизара ду атрибунаҟынтә Нестор Лакоба аҳәамҭа ҟаиҵеит ари азҵаара ӡбоуп ҳәа, аха иара убри аан аԥсуа нхацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит уи иаҿагыларц. Игәы иаанагон ари аметод ала Кремль ршәаны абри аус аҵыхәанӡа анагара алыршахарым ҳәа. Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара уҳәа егьырҭ ақыҭақәа рҿы 1931 шықәса жәабран 18–26 рзы азеиԥшмилаҭтә еизарақәа мҩаԥысит ("Дәрыԥшьтәи аизара"). Ажәлар Аԥсны Қырҭтәыла алалара мап ацәыркит, мап рцәыркит аколхозқәагьы", - ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Активла абри аус лхы алалырхәит Нестор Лакоба иан лхаҭагьы. Лавренти Бериа, Гәдоуҭа араион ахь ар иманы днеит. Ашьакаҭәара егьагымхеит, аха аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара алыршахеит.

Актәи аԥсуа ԥырҩы идокументқәа - Sputnik Аҧсны
Аҵак ду змоу архивтә документқәа Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоуп

"Асуверентә Аԥсны азакәанқәа рыкәаҳара, автономиак аҟынӡа аларҟәра ажәлар рықәгыларахь икылнагеит. "Дәрыԥшьтәи аизараҟны" асовет мчи анапхгареи рыгәра аагом ҳәа рҳәеит. Иазгәаҭатәуп абри ақәгылара ишалнаршаз Аԥсны аколлективизациа еиҳа ирԥсыҽны амҩаԥгара", - аҳәоит аҭоурых ашәҟәаҿы.

"Дәрыԥшьтәи аизара" иазкны

Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит "Дәрыԥшьтәи аизара" амҩаԥгара шыӡбаз жәабран 14 рзы, Аԥсны Ахеилакқәа реизара ду анымҩаԥгаха ашьҭахь ҩымш ааҵуаны.

"Аизара амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ аԥҵан, иалхын аҿҳәара – жәабран 18, Қырҭтәылазегьтәи Ахеилакқәа реизара ду амҩаԥгара мышк шагыз", - ҳәа инаҵишьит Аҩӡба.

аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба "Дәрыԥшьтәи аизара ду" иазкны: инагӡаны иҭҵаатәуп

Абри амш азы Аԥсны ар алагалан. Аха аганқәа акахьы азааира рылдыршеит.

"Дәрыԥшьтәи аизара" аҟны Нестор Лакоба аҳәара ҟаиҵеит ауаа еимпырц, ихахьы игеит аизараҿы иқәыргылаз азҵаарақәа рыӡбара. Ус шакәызгьы, 500-ҩык рҟынӡа аизара алахәылацәа ырбаандаҩын.

Иагьа ус иҟазаргьы Нестор Лакоба илиршеит массала ауаа рнырҵәара аанкылара.

Асовет аамҭақәа раан ари аизара мзызс иамаз аколлективизациа ауп ҳәа шырҳәозгьы, иахьатәи аҭоурыхдырра иазгәанаҭоит иара зыдҳәалаҵәҟьаз аполитикатә зҵаарақәа шракәыз – раԥхьа инаргыланы Аԥсны Қырҭтәыла алаҵара азҵаара ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0