Путин иахь ашәҟәы: Аԥсны аветеранцәа зегьы аԥара рзыршәарц аҳәара ҟарҵоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин иахь ашәҟәы: Аԥсны аветеранцәа зегьы аԥара рзыршәарц аҳәара ҟарҵоит
Путин иахь ашәҟәы: Аԥсны аветеранцәа зегьы аԥара рзыршәарц аҳәара ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәызи атыл аҟны аус зуази 48 ветеран. Урҭ рҟынтәи 20–ҩык аҵанакӡом урыстәылатәи амчрақәа иазԥхьагәарҭо иаку зныктәи агәазҭаҵагатә ԥарашәарақәа.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз Аԥснытәи аветеранцәа реидгыла иазԥхьагәанаҭоит Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала ашәҟәы аҩра, аԥснытәи аветеранцәа зегьы 75-75 нызқьмааҭ рызшәахарц азы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба.

"Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи ашәарақәа рыҭаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ҳара ҳтәылауаагьы Урыстәыла атәылауаҩра рымоуп, аха аусԥҟаҿы иарбаз Урыстәыла аҵакыраҿы инхо роуп. Ари азҵаарақәа цәырнагеит. Уажәы Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала ашәҟәы аҩра ҳгәы иҭоуп, аԥснытәи аветеранцәа зегьы 75-75 нызқьмааҭ рызшәахарц азы", - иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз 48 ветеран. Урҭ рҟынтәи 20–ҩык аҵанакӡом урыстәылатәи амчрақәа иазԥхьагәарҭо зныктәи агәазҭаҵагатә шәарақәа.

"Ҳәарада аветеран изы 75 ма 50 нызқь мааҭ – цхыраагӡоуп. Ашәара мҩаԥымгахар, ҳара ҳамчқәа рыла усгьы гәазыҟаҵарак ҟамҵакәа иаанҳажьшам. Ҳара есышықәса Аиааира амшныҳәазы 10-15 нызқь мааҭ раҳҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Ветеран Великой Отечественной войны Григорий Антонович Вакулишин - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеранцәа агәыҳалалра рзыҟаҵаразы 71 миллион мааҭ рзоужьхоит

Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рызшәаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аибашьра ду аветеранцәа зныктәи ашәарақәа рыҭаразы 71 миллион мааҭ рзоужьхоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустин.

Аусԥҟа инақәыршәаны миллионки 150 нызқьҩыки Урыстәыла атәылауаа агәазыҟаҵара роуеит.

Агәазҭаҵагатә шәарақәа ирыҵаркуеит: Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәеи аинвалидцәеи, "Аблокадатә Ленинград ауааԥсыра" ҳәа адырга ҷыда змоу, зықәра намӡацыз афашизм атҟәацәа, Финлиандиеи, Иапониеи, Германиеи рабашьраан иҭахаз рыҳәса, рхацәа. Иааидкыланы 75-75 нызқь мааҭ инаӡо аԥарашәара рзыҟаҵахоит 537,1 нызқьҩык.

50-50 нызқь мааҭ рыҭахоит: атыл аусзуҩцәа, зықәра наӡахьаз афашизм атҟәацәа. Ари акатегориахь иаҵанакуеит 601,4 нызқьҩык.

Уи адагьы зныктәи аԥарашәара рзухоит Естониа, Латвиа, Литва иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0