Ахада инапынҵақәа назыгӡо Аида Чачхалиаԥҳа ахә зхырымшәаауа аԥсшьараамҭа лиҭеит

© Foto / Аида ЧачхалияАида Чачхалия
Аида Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭала Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа неигӡалоит ахада лхаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.

АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусԥҟа инапы аҵеиҩит Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ахә зхырымшәаауа ҿҳәарадатәи аԥсшьарамшқәа лыҭазарц. Абри азы адокумент ахада исаит аҟны иӡыргоуп.

"Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ахә зхырымшәаауа ҿҳәарадатәи аԥсшьарамшқәа лыҭазааит 2020 шықәса жәабран 21 инаркны хәажәкыра 21 рҟынӡа", - аҳәоит аусԥҟаҿы.

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит.

 У администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание - Sputnik Аҧсны
Зегь ахылаԥшра рымоуп: Тҟәарчал араион апрокурор иҟоу аҭагылазаашьазы

Тҟәарчал араион ахада ламхразы аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ҳәа Sputnik адырра алҭеит, лара, Аида Чачхалиаԥҳа лхаҭа.

Аслан Бжьаниа Тҟәарчалтәи ахҭысқәа рзы "Дарбанызаалак атәылауҩ игәаанагара аартны аҳәара азин имоуп. Акызаҵәык уи аҳәатәы аҳәашьа азакәан анормақәа ирықәшәозароуп", - иҳәеит.

Бжьаниа иҳәеит Тҟәарчалҟа аӡәгьы амҩа дшықәимҵаз, асеиԥш иҟоу аметодқәагьы дышрыдгылаҩым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0