Зегь ахылаԥшра рымоуп: Тҟәарчал араион апрокурор иҟоу аҭагылазаашьазы

© Foto / предоставлено очевидцем У администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание
 У администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿԥхьа имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы ахылаԥшра рзаауеит, иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз, Тҟәарчал араион апрокурор Аслан Латариа.

"Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ҭынчроуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ашәарҭадатә маҵзура аусуҩцәеи аҭыԥ аҿы иҟоуп. Азинхьчаратә усбарҭақәа ахыбра рыхьчоит", - иҳәеит иара.

Страны мира. Абхазия - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал ахада лусурахь лынамышьҭразы аҽазышәара ҟарҵоит

Араион ахадара ахыбрахь иара убасгьы инеины иҟоуп Аида Чачхалиаԥҳа илыдгылогьы. Зынӡа 70-ҩык инарзынаԥшуа ауаа еизаны иҟоуп.

Уаанӡа лыдгылаҩцәеи иааизи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит ҳәа Чачхалиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәаз аганахь ала, апрокурор Аслан Латариа макьаназ аӡәгьы ҳәамҭа ҟаимҵацт иҳәеит.

Уажәы Тҟәарчал инеира иазыԥшуп атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит.

Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ламхразы аҽазышәарақәа мҩаԥысуеит ҳәа Sputnik адырра алҭеит, лара, Аида Чачхалиаԥҳа лхаҭа.

Уажә аԥхьа, ажьырныҳәа 17 рзы Аполитикатә партиа "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зҳәаз, хҩык аҷкәынцәа, Аида Чачахлиаԥҳа Тҟәарчал ақалақь ахада инапынҵақәа аанбыжьроуп ҳәа илызнеиит.

Дара ирҳәеит Тҟәарчал араион аҿы "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа. Убри аан лнапынҵақәа шьҭалымҵар ишеицәахо азы илықәмақарит. Аида Чачхалиаԥҳа Алхас Кәыҵниа аҭел дизасит. Иара иҳәеит аӡәгьы акгьы инапы ишанимҵаз.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Алхас Кәыҵниа иажәақәа шьақәирӷәӷәеит, аӡәгьы усеиԥш дҵа иаҳамҭеит иҳәеит.

Аида Чачахлиаԥҳа ақалақь ахада инапынҵақәа рааныжьра дақәшаҳаҭуп абри азы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо аусԥҟа инапы аҵеиҩыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0