Аслан Бжьаниа Тҟәарчалтәи ахҭысқәа рзы игәаанагара иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДепутат Аслан Бжания на второй сессии парламента Абхазии шестого созыва
Депутат Аслан Бжания на второй сессии парламента Абхазии шестого созыва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада ламхразы аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ҳәа Sputnik адырра алҭеит, лара, Аида Чачхалиаԥҳа лхаҭа.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахада иҟалҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит атәыла ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа.

Бжьаниа иҳәеит Тҟәарчалҟа аӡәгьы амҩа дшықәимҵаз, асеиԥш иҟоу аметодқәагьы дышрыдгылаҩым.

Аслан Бжьаниа Тҟәарчалтәи ахҭысқәа рзы "Дарбанызаалак атәылауҩ игәаанагара аартны аҳәара азин имоуп. Акызаҵәык уи аҳәатәы аҳәашьа азакәан анормақәа ирықәшәозароуп", иҳәеит.

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит.

 У администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание - Sputnik Аҧсны
Зегь ахылаԥшра рымоуп: Тҟәарчал араион апрокурор иҟоу аҭагылазаашьазы

Араион ахадара ахыбрахь иара убасгьы инеиит Аида Чачхалиаԥҳа илыдгылогьы. Уажәазы зынӡа 70-ҩык инарзынаԥшуа ауаа еизаны иҟоуп.

Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿԥхьа имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы ахылаԥшра рзаауеит ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз, Тҟәарчал араион апрокурор Аслан Латариа иахьа, асааҭ 14:00 рзы.

Аамҭақәак раԥхьа, ажьырныҳәа 17 рзы Аполитикатә партиа "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зҳәаз, хҩык аҷкәынцәа, Аида Чачахлиаԥҳа Тҟәарчал ақалақь ахада инапынҵақәа аанбыжьроуп ҳәа илызнеиит.

Дара ирҳәеит Тҟәарчал араион аҿы "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа. Убри аан лнапынҵақәа шьҭалымҵар ишеицәахо азы илықәмақарит. Аида Чачхалиаԥҳа Алхас Кәыҵниа аҭел дизасит. Иара иҳәеит аӡәгьы акгьы инапы ишанимҵаз.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Алхас Кәыҵниа иажәақәа шьақәирӷәӷәеит, аӡәгьы усеиԥш дҵа иаҳамҭеит иҳәеит.

Аида Чачахлиаԥҳа ақалақь ахада инапынҵақәа рааныжьра дақәшаҳаҭуп абри азы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо аусԥҟа инапы аҵеиҩыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0