00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аԥхын аус шауа
13:45
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:20
24 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рганахь ала азыӡба рыдкылоуп

© SputnikМатериалы по делу Дочия и Озган зачитали в суде Абхазии
Материалы по делу Дочия и Озган зачитали в суде Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мимоза Цәышԥҳа лхантәаҩрала рашәара 13 2019 шықәсазы ихацыркын Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рганахь ала аусҭҵаара ахәаԥшра.

АҞӘА, жәабран 26– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа азыӡба лыдылкылеит Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рганахь ала.

Ахара зду рыцәгьаумҭақәа реицҵарала 16 шықәса бахҭала ахгара рықәҵан Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блабба – 14 шықәса, Варден Чантуриа – 13 шықәса.

Ашықәсқәҵара иалагарҭаны ишьоуп ианааныркылаз арыцхә инаркны.

Аԥсуа закәанԥҵара инақәыршәаны ариашаратә колониақәа рҿы арежим ӷәӷәа зхызго раамҭа ҩымш хымш ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Дочиаԥҳа лӷьычра иалахәыз – Џьумбер Аҩӡба аколониа-нхарҭаҿ хәышықәса аҟазаареи 50000 мааҭ ахараԥсеи иқәҵан. Аколониа-нхарҭаҿ мышкы аҟазаара ҩымш ҳәа иԥхьаӡоуп, Аҩӡба цәыббра 19 2018 шықәса раахыс дахьҭакыз аҟынтә аӡбарҭатә зал аҟынтәи ихы дақәиҭтәын.

Оглашение приговора  - Sputnik Аҧсны
Озгани Дочиаԥҳаи рус азы аматериалқәа аӡбарҭаҿы ирыԥхьеит

Дмитри Озган ишьра далахәуп ҳәа дшьан жәабран 4 рзы Дранда абахҭаҿы иршьыз Асҭамур Ӡиӡариа. Жәабран 13 рзы иара иганахь ала ашьҭазаара аанкылан, аха аӡбаҩцәа Асҭамур Ӡиӡариа ахара идуп ҳәа иршьеит идырҵоз ацәгьоурақәа ахәҭаҷқәа зегьы рыла.

Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2 2016 шықәса рзы ирӷьычыз, нанҳәа 17 рзы лхы дақәиҭыртәит хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны.

Ирина Дочиаԥҳа 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Асҭамыр Ӡиӡариа, Геннади Блабба, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Дмитри Озган иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0