Аԥсны ААР ҳауаажәлар аарыԥхьеит акоронавирус ахьцәырҵыз атәылақәа рахь имцаларц

© AFP 2023 / NOEL CELISАԥсны ААР ҳауаажәлар аарыԥхьеит акоронавирус ахьцәырҵыз атәылақәа рахь имцаларц
Аԥсны ААР ҳауаажәлар аарыԥхьеит акоронавирус ахьцәырҵыз атәылақәа рахь имцаларц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи зегьы акоронавирус иахьамҽханакуа инамаданы Аԥсны аҳәаақәа рҟны акарантин аԥҵахоит. Абри атәы иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 26 рзы имҩаԥгаз аилацәажәараҿы.

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Атәылақәа жәпакы рҟны акоронавирустә инфекциа (COVID-19) зыхьыз рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари ачымазара ахьазгәаҭоу атәылақәа рҭаара ԥыркырц.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иара убасгьы аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа рахь абжьагара ҟанаҵоит авирус COVID-19 аҭыԥ ахьамоу атәылақәа рахь аусутә ныҟәарақәа рымҩаԥгара рҽацәхьаркырц ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.

Адунеи зегьы акоронавирус иахьамҽханакуа инамаданы Аԥсны аҳәаақәа рҟны акарантин аԥҵахоит иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 26 рзы имҩаԥгаз аилацәажәараҿы.

Аԥсны аҳәаа - Sputnik Аҧсны
Аҳәааҿы акарантин: Аԥсны алалара ззыԥкхо еилкаахеит

Акарантин инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаа рыда егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа Аԥсныҟа рҭалара ԥкхоит.

Валери Бганба Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәаанырцәҟа рныҟәарақәа ааныркыларц, жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа рыҽрылархәреи акомандировкақәеи мап рцәыркларц.

Бганба агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи Ҭамаз Ҵахнакьиа инапы ианиҵеит акоронавирустә инфекциа Аԥсны ахы цәырнагар, амедицина усзуҩцәа рхымҩаԥгашьа еиҿкаазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0