Урыстәыла Аԥсны аҳәааҟны асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит

© Sputnik / Илья Тимин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоспотребнадзора
Роспотребнадзора - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра коронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ВОЗ, ООН, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра апресс-маҵзура.

Валерий Бганба провёл совещание о мерах по предупреждению распространения коронавируса на территории Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус ашьақәыргыларазы атест-системақәа аиуеит

"Хара имгакәа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп амобилтә санитар-епидемиатә бригадақәа атехника ҷыда рыманы. Иара убасгьы – Урыстәыла агәабзиарахьчара аепедимиологцәеи аинфекционистцәеи рыбригада. Иара убасгьы ацхыраара ҟаҵахоит ахәшәқәа, аныхратә материалқәа, адиагностикатә тест-системақәа рыла", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра коронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ВОЗ, ООН, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа.

Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны иаԥҵоуп аусбарҭабжьаратә штаб акоронавирус аҿиара аԥырҟәҟәааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0