Ҳазлацәажәаша хамоуп: Џьопуа археолог еиқәаҵәақәа ирызкны
"Археолог еиқәаҵәақәа рыпроблема Урыстәыла, Европа иҟоуп, уажәы ҳара ҳҟынӡа иааит.Иархеологцәоуп ҳҳәоит, аха дара ус еиԥш акәым рхы шымҩаԥырго. Дара зҿу ажәытәтәи аҭоурых баҟақәа иҟоу ижны, еиҳа хәы змоу ыҵхны иргоит, анаҩсан ирҭииуеит. Иҟоуп еиуеиԥшым аукционқәа, урҭ аинтернет ала иуԥшаар алшоит, убас аус руеит дара. Егьырҭ аҳәы нҭкаррақәа рҟынтәи иаазаргьы, хымԥада ҳара ҳтәқәа алахуп ари аус. Иааганы, ирыцныҟәаны, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инаганы, ирхылаԥшны, ишахәҭоу еиԥш аус еицуны, нас иҭыганы иаурыжьуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҟаитан Гал имҩаԥысуа ажрақәа ртәы: асоветтә аамҭазы ааха ду аҭан
-
Кобахьиа: аҭоурых-культуратә обиектқәа ирхылаԥшлатәуп