Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых

© Foto / Саида ЖибаАсцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых
Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭыни" Гагратәи ашәаҳәаратәи акәашаратәи коллектив "Афырҭыни" рҿы ахкы назыгӡоз, иахьа ахореографиатә студиа "Пицунда" аиҳабыс иамоу, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Џьон Хәынҵариа акәашара иԥсҭазаара ишахәҭакхаз еиҭеиҳәеит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Џьон Хәынҵариа диит Гагра араион Лӡаа ақыҭан, амузыкатә ҭаацәараҟны. Иаб Гьаргь Алықьса-иԥа дмырзаканарҳәаҩын, иан Нелли Михаил-иԥҳа Хәытԥҳа дкәашаҩын. Дара хҩык рԥацәа рахьтә, аиҳаби аиҵби рҟазара рымардеит. Аԥсны ихьӡ ззымдыруада Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа, Џьон иакәзар, аамҭа-аамҭала еицырдыруа ансамбльқәа рҟны ахкы наигӡон.

Государственный ансамбль народного танца Шаратын - Sputnik Аҧсны
45 шықәса "Шьараҭын" ҳацны

Џьон Лӡаатәи ашкол данҭаз инаркны асцена дашьцылахьан. Уаҟа музыкантс аус иуан иашьеиҳабы Оҭар Хәынҵариа, еиҿкаангьы иман ахори акәашаратә гәыԥи.

"Сашьеиҳабы иаԥиҵаз ахореографиатә гәыԥ аҟны ахкы насыгӡон. Иара убас усҟантәи аамҭазы Аԥсны зҽаԥсазтәхьаз артист Баграт Багаҭелиа ифольклортә ансамбль "Кьараз" аҟны скәашон. Ажәакала, сашьеиҳабы музыкантс дахьыҟаз аколлективқәа саргьы срылахәын. Иара иоуп сҟазара ашьаҭа зырӷәӷәазгьы", - иҳәоит Џьон.

1980 шықәсазы арԥыс ашкол даналга, дҭалоит Аҟәатәи акультуралашаратә ҵараиурҭа, ахореографиа аҟәша. Убри аамҭазы аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭынгьы" даднакылоит.

Ансамбль Кьараз - Sputnik Аҧсны
"Кьараз" есышықәса иҿахоит

"Иахьеиԥш исгәалашәоит "Шьараҭын" сахәҭакны раԥхьатәи сықәгылара. Уи цәыббра 9, 1980 шықәсазы, Аԥсуа ҳәынҭқарратә адраматә театр аҟны акәын. Аконцерт аҳәынҭқарра аиҳабыра рзы еиҿкаан. "Аҿар рыкәашара" захьӡыз ақәгылараан ахкы насыгӡеит акәашара хәҭак аҿы. Асценахь санцәырҵ убас сгәы хыҭхыҭуан, аҳауа сзымхошәа збон. Аха аҵыхәтәаны, ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжь ансаҳа, лабҿаба шақәцәҟьаз снырын, сыҽсырҭынчит", - еиҭеиҳәоит акәашаҩ.

"Шьараҭын" дацны Џьон Хәынҵариа агастрольқәа рахь дцахьан СССР, Европа, Африка атәылақәа жәпакы рахь. Знызаҵәыкгьы аԥхьахәтә ҭыԥк иаԥсамхакәа имхынҳәыцызт.

"Шьараҭын" аҟны дахьынӡакәашоз, Џьон алыхәҭа дкылхны артистра илихит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Едуард Бебиа. Иара убри аколлектив аҿы музыкантс иҟаз Оҭар Хәынҵариагьы иашьеиҵбы илаԥш шихыз ихын.

"Едуард Бебиа лакәтә хаҿсахьаны дсыԥхьаӡон аколлектив ахь снеиаанӡа. Ансамбль санаднакыла сгәырӷьара ҵҩа амамызт. Идеалс исыман "Шьараҭын" ахкынагӡаҩцәа Валери Ҭаниа, аишьцәа Хьециаа, Лавренти Цколиа. Арҭ алегендартә кәашаҩцәа арываҟәылара мариамызт, аха дара реиԥш сҟалар сҭахын. Сашьеиҳабы Оҭар, уи сырҵаҩцәа иреиҳаз иакәын. Иара иоуп сзааӡаз, ауаҩра сылызхыз. Сганахь иааирԥшуаз аџьбарара иабзоураны иснырит изакәыз аҭакԥхықәра асценаҿы адагьы, аԥсҭазаараҿгьы", - иажәабжь иациҵоит Џьон Хәынҵариа.

"Шьараҭын" алахәцәа зегьы ҭаацәак еиԥш еизыҟан, аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауан, еицхыраауан. Аконцертқәа раан, аиҳарак Аԥсны анҭыҵ аиҳаби аиҵби еизыӡырҩуан, еилабжьон. Агастрольқәа ахҭысқәа рыла ибеиан, иҟан алахҿыхреиԥш, агәшәарагьы зыцқәаз.

Владимир Квеквескири рассказал, как весть о начале войны застала его на гастролях в Греции - Sputnik Аҧсны
Асценаҟынтәи ажәыларахь. Владимир Кәакәасқьыр еибашьраҟны

"Зны, Шәача ԥсшьарҭа ҩнык аҟны атуристцәа рзы аконцерт мҩаԥаагон. "Аҟама кәашараан", уажәшьҭа дазусҭоу сгәалашәом, аха хкынагӡаҩык аҟама андәықәиҵа, адашьма иахаԥырны ахәаԥшцәа ахьтәаз ицеит. Ахԥатәи ацәаҳәаҿы итәаз хаҵак ижәҩахыр иалалеит. Ҳааилауаҭырит ҳазегьы, аха иҷаԥшьоз аҳақьымцәа ирлас ацхыраара ирҭан, азал ахь деиҭахынҳәын, аконцерт ахәаԥшра иациҵеит. Аҵыхәтәаны, "сара џьаргьы сашшуам, ари машәыруп, шәаргьы ишәҭахымызт, амала абри исылалаз аҟама гәаларшәагас, ҳамҭас исҭахын иҳәеит". Хымԥада, мап ицәаҳкуазма. Ҽаӡәызар аус ҳақәиршәаргьы ҟалон", - ахҭыс игәалаиршәоит акәашаҩ.

Усҟантәи аамҭазы ансамбльқәа лассы-лассы ақыҭақәа ирҭаауан. Иҟалалон ахәаԥшцәа аконцерт шцоз асцена иқәланы артистцәа ирыцкәашо ианалагоз. Мамзаргьы, акәашарақәа рыбжьара, "аконцерт ашьҭахь џьаргьы шәымцан, ачеиџьыка ҟалоит" ҳәа анҿырҭуазгьы.

"Аиашазы, ақыҭақәа рахь ҳанцоз бзиа иаабон. Избанзар аҭыԥантәи анхацәа акалашәа ргәы былуан. Асценахь иҳацкәашарц ихалон. Уи аԥҟара еилагаран, аха акгьы ҳҳәаӡомызт, ргәы дҳмырхьырц азы. Знызаҵәыкгьы иҟамлацызт қыҭак аҟынтәи ашьтәа ҳзымшькәа ҳхынҳәны. Чарак, жәлар рныҳәа дук иаҩсуа аишәақәа дырхион. Ҳаргьы лафны ас еиԥш иҟаз аусмҩаԥгатәқәа "аконцерт ахԥатәи аҟәша" ҳәа ҳашьҭан", - еиҭеиҳәоит артист.

Венера Чагәаа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара ахәыҷқәеи акультуреи ирзызкыз

Џьон аррамаҵура дахысит Қарҭ, Кавказынҭыҵтәи арратә округ, Абираҟҟаԥшьтә ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль аҿы. Араҟагьы акырӡа иԥышәа еизирҳаит.

Џьон Хәынҵариа 1980 шықәса анҵәамҭазы, Гагра ақалақьтә еилакы апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз Енвер Қапба иааԥхьарала, аԥсуа артистцәа гәыԥҩыуаак дрыцны Гаграҟа даауеит ақырҭцәа ирхәаҽуаз аԥсуа культура аԥсы ахаҵаразы. Араҟа иаԥҵахоит ашәаҳәаратәи, акәашаратәи ансамбль "Афырҭын". Акәашаратә гәыԥ сахьаркыратә напхгаҩыс даман Лев Қьецба, ашәаҳәаратә – Баграт Багаҭелиа, оркестр - Оҭар Хәынҵариа, Џьон ахкынагӡаҩцәа дреиуан, убас ихы ԥишәон хореографс.

"Усҟантәи аамҭазы азеиԥш ус иабзоураны "Афырҭын" Гагра араион акәым, Аԥсни анҭыҵи хьӡи-ԥшеи аманы иҟалеит. Адунеи атәылақәа жәпакы рахь ааԥхьара арҭон, жәларбжьаратәи афестивальқәа ирылахәхон. Ҳцахьан Европа, Америка. Ниу-Иорк ҳаныҟаз, аԥсуа диаспора ҳԥылеит. Ҳаихшаны аҭаацәарақәа ҳаргеит. Сара Арӡынаа сырҭан. Аконцертқәа раан рҽеидкыланы иаауан, рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт. Ахаан исхашҭӡом, ҳаиԥырҵрагьы. Ниу-Иорк аҳаирбаӷәаза иҩныҩуаз агәынқьбжьы иахьагьы слымҳа ыҵнахаауеит, убриаҟара агәыԥжәара ацын", - игәалашәоит Џьон Гьаргь-иԥа.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа Лӡаа ақыҭан иаԥҵаны имоу ансамбль Аԥхьарца - Sputnik Аҧсны
Даур Ԥарулуа: ҳбызшәеи ҳкультуреи еивагыланы ицалароуп

Аколлектив Американтәи ианыхынҳә, хара имгакәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит. Џьон Хәынҵариа иашьцәеи иареи Џьон Дбар командаҟаҵаҩыс дызмаз Лӡаатәи арота иацны иалахәын ажәыларатә аоперациақәа жәпакы. Аибашьра адәаҟны ииуан аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәы шьҭызхуаз Оҭар Хәынҵариа имузыкатә рҿиамҭақәа.

Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара аназыхынҳә, Џьон Хәынҵариа Уасил Ақаҩба напхгаҩыс дызмаз Пицундатәи акәашаратә ансамбль "Аламыс" аҿы ицхырааҩыс дыҟан. Аҵыхәтәантәи хәышықәса иаԥҵаны имоуп ахәыҷтәы хореографиатә студиа "Пицунда". Арахь иныҟәоит ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәа. Иахьазы астудиа иаҭаауа рхыԥхьаӡара шәҩык инарзынаԥшуеит. Ахәыҷқәа жәлар рыкәашара адагьы, ирҵарц рылшоит аестрадатә кәашарагьы.

© Foto / Саида ЖибаЏьон Хәынҵариеи иаԥҵаны имоу ахәыҷтәы хореографиатә студиа "Пицунда" ааӡамҭацәеи
Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Џьон Хәынҵариеи иаԥҵаны имоу ахәыҷтәы хореографиатә студиа "Пицунда" ааӡамҭацәеи

"Х-гәыԥкны, аиҳабыратәи, абжьаратәи, аиҵбыратәи ҳәа иҳамоуп. Мчыбжьык хынтә жәлар рыкәашара аҟәша аус ауеит, убас хынтә аестрадатә кәашара аҟәша. Дарӷьажәҩаны дсывагылоуп, акәашара арҵаҩысгьы дыҟоуп сааӡамҭа Сурам Агрба. Акык-ҩбак аномерқәагьы еиҿкаауп. Араион аҿы имҩаԥгахо аныҳәақәа раан ҳхәыҷқәагьы алаҳархәуеит. Сгәазыҳәарақәа иреиуоуп абалет, атанго, афокстрот аҟәшақәа раартра, уи азы хымԥада ацхыраара ҳҭахуп кадрлеи, финанслеи. Иахьазы ҳҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Ахәыҷкәа ркостиумқәаҵәҟьа аҭаацәа рыда иаҳзаахәаӡом. Аха ҳгәы каҳажьуам, уимоу астудиа ашьаҭала ансамбль аԥҵарагьы сгәы иҭоуп", - игәҭахәыцрақәа ҳацеиҩишеит акәашара арҵаҩы.

Шьаҿа-шьаҿа аҟазара ду ахь амҩа иану ахореографиатә астудиа "Пицунда" аԥеиԥш шамоу умбарц залшом, абас еиԥш згәы былуа анапхгаҩы даныҟоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0