Иалтатәи аекономикатә форум ахыгахоит коронавирус иахырҟьаны

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЯлтинский международный экономический форум
Ялтинский международный экономический форум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум – Ҟрым имҩаԥысуа есышықәсатә уснагӡатәуп. 2019 шықәса рзы иара иалахәын 100 инареиҳаны тәыла рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. VI Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум амҩаԥгара ахыргеит адунеиаҿ зыҽзырҭбаауа акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны. Абри атәы Facebook аҿы иҩит ареспублик ахада Сергеи Аксенов.

"Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум есышықәса мшаԥымзазы имҩаԥаагон. Уажәы уи аҿҳәара инахоуп. Афорум аҳәаанырцәтәи асасцәа рацәаҩны иаҭаауан. Аҭамзаара шьҭаҳҵоит ааԥхьара ззынаҳашьҭхьо рҿаԥхьа", - иҩуеит иара.

Аксионов иажәақәа рыла, ауснагӡатә амҩаԥгара арыцхә ҿыц макьана ирызҳәом, уи акоронавирус аҿиашьа иахьырԥшхоит.

Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум – Ҟрым имҩаԥысуа есышықәсатә уснагӡатәуп. 2019 шықәса рзы иара иалахәын 100 инареиҳаны тәыла рхаҭарнакцәа 4,5 нызқьҩык.

Аԥсны ахьӡала афорум иалахәын Аекономика аминистрра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0