Двинианин Бганба иҳәамҭа аҭак ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЧрезвычайный и Полномочный посол России в Абхазии Алексей Двинянин
Чрезвычайный и Полномочный посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва Аԥсны иҟанаҵаз аҳәамҭа адипломатиатә каналқәа рыла ишроулак ишҭырҵаауа азы.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 4 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылан "Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ашҳам иҭара Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы имҩаԥысит" ҳәа иҟоу агәаанагаразы УА Апрокуратура хада ашьаус хацнаркырц адҵаҟаҵара ииҭеит. Аиԥылараан Двинианин иҳәеит амц алазырҵәо урыстәылатәи АИХқәа хымԥада ишҭырҵаауа.

"Сара хымԥада шәыгәҭыха Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рҟынӡа иназгоит. Ҳәарада афактқәа риашареи риашамреи шьақәҳаргылоит, урҭ уажәазы асоциалтә ҳақәа рҿы ирацәахаз мцқәаны иҟамзар", - ҳәа ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа еиҭанаҳәоит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Алексеи Двинианин имаз аинформациала, хәажәкыра 3 рзы Бжьаниа "ахәшә ирҭеит" ҳәа ҿыӡгас иҟаҵаны еиуеиԥшым аполитикатә еиҿкаарақәа рҟынтәи аекстремистцәақәак агәҭакы рыман Аԥсны астратегиатә партниорс иамоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа иакәшаны акциа мҩаԥыргарц.

Бжьаниа ашҳам ирҭоу ирымҭоу азы ашьаус хацыркызарц Бганба Двиниан диацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ашҳам ирҭоу ирымҭоу азы иҟоу ацәажәарақәа рзы Бганба Двинианин диацәажәеит

"Ҳара ҳәарада ари аҩыза ҳақәшаҳаҭым. Шәара шәҭахрақәа еилкааны, иахәҭоу аԥкаанҵақәа харҭәааны иахьаҭаху адырра неиртә иҟаҳҵоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит. Хәажәкыра 4 рзы еилкаахеит уи иофициалтә диагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0