Аԥсны иахьаҵанакуа коронавирус ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла ачымазара ахылаԥшразы амилаҭтә Центр аиҳабы Амиран Гамкрелиӡе идыррақәа рыла атәылаҿы ԥшьҩык ауаа ирыдбалоуп авирус ҿыц –коронавирус.

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа коронавирус џьаргьы иҟам ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ареспублика асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Аԥсны иахьаҵанакуа коронавирус џьаргьы иҟам, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп", - лҳәеит лара.

Скорик лажәақәа рыла иаԥҵоу аԥкрақәа алҵшәа аадырԥшуеит.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵеиҩит ауааԥсыра коронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб аԥҵаразы аусԥҟа.

Ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рҿы иалагалоуп акарантин.

Минздрав Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа еиҳагьы идырӷәӷәоит

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Қырҭтәыла ачымазара ахылаԥшразы амилаҭтә Центр аиҳабы Амиран Гамкрелиӡе идыррақәа рыла атәылаҿы ԥшьҩык ауаа ирыдбалоуп авирус ҿыц –коронавирус.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0