Ауааԥсыра коронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб аԥҵоуп

© AFP 2023 / STRРаботы в лаборатории
Работы в лаборатории  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагалоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵеиҩит ауааԥсыра коронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб аԥҵаразы аусԥҟа. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Ауааԥсыра коронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб иалахәуп:

  • Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа;
  • Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Андреи Бобуа;
  • Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа;
  • Аԥсны аҵара аминистр Адгур Какоба;
  • Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба;
  • Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леван Кәарцхьиа;
  • Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик;
  • Аԥсны арратә прокурор Руслан Ҭарба;
  • Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Нодар Чачхиани;
  • Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭел аномер - Sputnik Аҧсны
Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭелтә еимадара

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0