Аветеранцәа мшаԥымзазы агәазҭаҵаратә ԥарақәа роуеит

Анапаҵаҩра
Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рызшәаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2020 шықәса жәабранмзазы. Иааидкыланы абри ауснагӡатә иақәхарџьхоит 60 миллиард мааҭ.

АҞӘА, хәажәкыра 5- Sputnik. Урыстәыла атәанчаратә фонд ашәарақәа мшаԥымзазы имҩаԥнагараны иҟоуп. Уажәы асиақәа еихыршьалоит ҳәа азгәеиҭеит афонд ахантәаҩы Максим Топилин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рызшәаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2020 шықәса жәабранмзазы.

Агәазҭаҵагатә ԥашәарақәа ирыҵаркуеит: Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәеи аинвалидцәеи, "Аблокадатә Ленинград ауааԥсыра" ҳәа адырга ҷыда змоу, зықәра намӡацыз афашизм атҟәацәа, Финлиандиеи, Иапониеи, Германиеи рабашьраан иҭахаз рыҳәса, рхацәа. Иааидкыланы 75-75 нызқь мааҭ инаӡо аԥарашәара рзыҟаҵахоит 537,1 нызқьҩык.

Владимир Путин аусԥҟа инапы зҵеиҩыз аусԥҟа иазԥхьагәанаҭоит 50 инаркны 75 мааҭ рҟынӡа аибашьра ду аинвалидцәеи аветеранцәа, зықәра намӡацыз аконцлагерқәеи геттои ԥасатәи рытҟәацәа, егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа урыстәылауаа, Естониа, Латвиа, Литва инхо убрахь иналаҵаны.

Аԥсны иахьатәи аамҭазы инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи атыли рветеранцәа 48-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0