Кремль Урыстәыла иатәылауаау аветеранцәа зегьы аԥаратә ҳамҭақәа роуеит

© Sputnik Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКРАСНАЯ ПЛОЩАДЬ
КРАСНАЯ ПЛОЩАДЬ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьатәи аамҭазы инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи атыли рветеранцәа 48-ҩык. Урҭ рҟынтәи 20–ҩык аҵанакӡом урыстәылатәи амчрақәа иазԥхьагәарҭо иаку зныктәи агәазҭаҵагатә ԥарашәарақәа.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рызшәаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аԥара рызшәахоит иахьынхо иахьмырԥшыкәа Урыстәыла атәылауаа зегьы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Владимир Путин ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Аветеран Урыстәылатәи Афедерациа датәылауаҩызар ма Урыстәылатәи Афедерациа атәанчахәы иоуазар – арҭ аԥарақәа иоуеит", - иҳәеит Песков.

Агәазҭаҵагатә ԥашәарақәа ирыҵаркуеит: Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәеи аинвалидцәеи, "Аблокадатә Ленинград ауааԥсыра" ҳәа адырга ҷыда змоу, зықәра намӡацыз афашизм атҟәацәа, Финлиандиеи, Иапониеи, Германиеи рабашьраан иҭахаз рыҳәса, рхацәа. Иааидкыланы 75-75 нызқь мааҭ инаӡо аԥарашәара рзыҟаҵахоит 537,1 нызқьҩык.

Путин иахь ашәҟәы: Аԥсны аветеранцәа зегьы аԥара рзыршәарц аҳәара ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Путин иахь ашәҟәы: Аԥсны аветеранцәа зегьы аԥара рзыршәарц аҳәара ҟарҵоит

Уаанӡа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз Аԥснытәи аветеранцәа реидгыла иазԥхьагәанаҭоит Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала ашәҟәы аҩра, аԥснытәи аветеранцәа зегьы 75-75 нызқь мааҭ рызшәахарц азы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба.

Уи иажәақәа рыла, Аԥсны иахьатәи аамҭазы инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи атыли рветеранцәа 48-ҩык. Урҭ рҟынтәи 20–ҩык Урыстәыла иахьҭаҩмыз азы иаҵанакӡомызт урыстәылатәи амчрақәа иазԥхьагәарҭо иаку зныктәи агәазҭаҵагатә ԥарашәарақәа.

Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рызшәаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уи иазԥхьагәанаҭоит 50 инаркны 75 мааҭ рҟынӡа аибашьра ду аинвалидцәеи аветеранцәа, зықәра намӡацыз аконцлагерқәеи геттои ԥасатәи рытҟәацәа, егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа урыстәылауаа, Естониа, Латвиа, Литва инхо убрахь иналаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0