Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Зурабишвили лықәгылара ахҳәаа арҭеит

© Foto / Министерство Иностранных дел Республики АБХАЗИЯМИД Абхазии
МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаҵо Қырҭтәыла ахада лықәгылараан илҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла "акрызҵазкуа аҭынчратә шьаҿақәа ҟанаҵоит" ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыӡбахә шьҭызхыз Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла Апарламент аҿы лықәгылара ахҳәаа арҭеит.

Саломе Зурабишвили илҳәеит "аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рганахь ала акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟаҳҵахьеит, аха еиҳа инарҭбаау аполитика амҩаԥгара ҳҽазыҟаҳҵароуп" ҳәа.

"Абри инадҳәаланы ихымԥаданы иазаҳаԥхьаӡоит Аԥсны "акрызҵазкуа аҭынчратә шьаҿақәа" ҳәа акгьы аӡбахә шырзымдыруа. Ара зыӡбахә ҳәо "Еиӷьу уаҵәтәи амш ахь шьаҿак" акәзар, уи аизыҟазаашьа ҭышәынзыртәало агәреибагара аазырԥшуа программаны иузыԥхьаӡом", - ахырҳәааит Зурабишвили лажәақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Уи адагьы аминистрра ақәшаҳаҭым Зурабишвили лажәақәа Аахыҵ Кавказ аҿы Урыстәыла ароль азы.

"Зурабишвили ԥынгылак аиԥш дызхәаԥшуа Урыстәылатәи Афедерациа акәзар, Аԥсны иадгылаҩу, стратегиатә партниорны иазыҟоу ҳәынҭқарроуп. Ареспублика ашәарҭадаразы хәдықәҵара ҟанаҵоит. Абри аконтекст ала Москва адиалог азы аҭагылазаашьақәа еиқәнаршәоит, арегион аҟны аибарххарақәа арԥсыҽуеит", - аҳәоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы инаҵшьны иазгәарҭеит Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿцәажәара ашьақәыргыларазы хшыҩ зҵоу шьаҿаны ишыҟоу амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра аицнапаҵаҩра.

"Хыхь иарбо азхьаԥшра аҭо Қырҭтәыла ахада ааԥхьара лаҳҭоит иарбоу адокумент анапаҵаҩразы Аԥсны иҟанаҵо ажәадгалазы лпозициа дымшәа-дмырҳа илҳәарц", - азгәарҭоит аминистрраҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0