Бжьаниа иштаб аҿынтә ирыларҳәоит акандидат Аԥсныҟа даныхынҳәуа

© Sputnik / Томас ТхайцукСторонники Бжания у штаба
Сторонники Бжания у штаба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 5 рзы Аслан Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭаҟынтәи идгылаҩцәа рахь аудиоҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара уа иазгәеиҭеит мышқәак рыла Аԥсныҟа дшыхынҳәуа.

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Иахьа еилкаахоит Аслан Бжьаниа ихәышәтәра анхыркәшахои Аԥсныҟа даныхынҳәуеи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа.

"Узеигәырӷьаша адинамика аҭыԥ амоуп. Иахьа шьыбжьышьҭахь аиԥш еилкаахоит Аслан Гьаргь-иԥа ахәышәтәырҭа данылырҩаауа. Иҟоу аҭагылазаашьа шеилаҳкаалак адырра шәаҳҭоит", - иҳәеит иара.

Хәажәкыра 5 рзы Аслан Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭаҟынтәи идгылаҩцәа рахь аудиоҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара уа иазгәеиҭеит мышқәак рыла Аԥсныҟа дшыхынҳәуа.

"Сара макьаназы ахәышәтәырҭа сҭоуп. Мышқәак ирхымгакәа аҩны сҟалоит. Ибаргәу акгьы сымам. Иаабац гәаҵәкроуп. Абарҭ аамҭақәа рзы адгылара сызҭоз, згәы былуаз ҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра: Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа бзиоуп

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Уи амедикаментозтә кома даларгалеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Хәажәкыра 3 рзы иԥсабаратәымкәа дызларгалаз акома далҵит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Леонид Ӡаԥшьба Аԥсуа телехәаԥшрала дықәгылеит хәажәкыра 4 рзы, ажәадгала ҟаиҵеит алхрақәа рыҿҳәара аҽа мызкы инахазарц, Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы.

Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи Краснодар еиԥылеит хәажәкыра 5 рзы. Ирылацәажәан Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0