Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра: Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа бзиоуп

© Фото : UnsplashАрхивное фото
Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа макьанагьы Краснодар ахәышәтәырҭақәа руак дҭоуп. Изеиԥш ҭагылазаашьа бзиоуп, иахәҭоу ахәышәтәра мҩаԥысуеит.

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиара ҭышәынтәалоуп, аиӷьхарахь ихы хоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Аслан Бжьаниа изеиԥш ҭагылазаашьа бзиоуп, адинамика ыҟоуп. Иахәҭаны иҟоу ахәышәтәра–диагностикатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡагьы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиаратә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Уи амедикаментозтә кома даларгалеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0