Ачԥҳа: ҳажәлар ирыладырҵәо аидеологиа ишақәшаҳаҭым убоит имлашьуа адгылара рызҭо
"Шьыжьы инаркны шьыжьынӡа уҳәар ауеит ауаа ӷьаҵәыӷьаҵәуа инеиуеит, адгылара ҟарҵоит. Сара иџьасшьоит ажәлар урыхәаԥшуазар шаҟа ргәаӷь марымажоу, ибзиоу. Ииашаҵәҟьаны ҳара аҵыхәтәантәи аамҭазы иааҟәымҵӡакәа агәра ҳдыргарц иаҿуп акгьы злымҵыз, аҳәынҭқарра ззыҟамҵаз ҳауп ҳәа. Ас еиԥш аидеологиа даара иӷәӷәаны иҳаладырҽит. Ари аус аҟны иаабоит ажәлар уи шақәшаҳаҭым, рыбзиарала рҳәынҭқарра еидкыланы, амилаҭ ҳаидгыланы абзиара ҟаҳҵар шаҳҭаху ауп иаҳәо рхымҩаԥгашьа. Уи ауп ҳара амч ҳазҭо, сҩызцәа иацы акциа иадгылазгьы даҽакала ахымҩаԥгашьа злаҳалнамыршаз ауп", - лҳәеит Ачԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.