Путин Саакашвили иажәа дшеижьаз атәы иҳәеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в пленарном заседании Госдумы РФ
Президент РФ В. Путин принял участие в пленарном заседании Госдумы РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада аинтервиу аҿы далацәажәеит Қырҭтәыла анапхгара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызҵаара ҭынчымҩала аҭыԥ иқәырҵарц изныкымкәа дышрыҳәахьаз.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин еиҭеиҳәеит Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада Михаил Саакашвили Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала ииҭаз ажәа дшықәымныҟәаз.

ТАСС апроект "20 вопросов Владимиру Путину" аинтервиу аҭо Урыстәыла ахада игәалаиршәеит Қырҭтәыла ахада Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызҵаара ҭынчымҩала аҭыԥ иқәырҵарц изныкымкәа дышиҳәахьаз. Қырҭтәыла ахада "усеиԥш ахаан иҟасҵом", - ажәа ииҭеит.

"Усеиԥш ахаан иҟасҵом, - иҳәан, - иҟаиҵеит. Иҟаиҵеит – иагьиқәшәеит!" - иҳәеит Путин.

Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла бџьармцала Аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит. Урыстәыла аҭынч уааԥсыра ирыдгылеит. Хәымш ицоз аибашьра иалагӡаны иҭахеит зықьҩыла ауаа.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0