Урыстәыла афинансқәа рминистрра: абылтәы ахә каҳауам

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовышение цен на бензин
Повышение цен на бензин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анефҭ адунеитә хәыԥсақәа каҳаит ОПЕК+ аилаӡарақәа рыҿҳәара ацҵаразы иахьзеиламцәажәаз иахҟьаны.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Анефҭтә котировкақәа рылаҟәра иадҳәаланы ЕАА аҟнеиԥш Урыстәыла абылтәы ахәԥса каҳауам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Сазанов. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Убри аан ахәԥса иацлом", - иҳәеит иара.

Покупатель в супермаркете - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аимпорттә тауарқәа рыхә иацлоит

Аныҳәамшқәа раԥхьа анефҭ 30% рыла икаҳаит ОПЕК+ атәылақәа реилаӡара ахышәа-ҵышәа анырзышьақәмыргыла ашьҭахь. Убри аан адоллари еврои ркурс 75 мааҭи 86 мааҭи ихалеит амааҭ аганахьала.

Аҵыхәтәан адоллар 72 иаԥсахахьан 2016 шықәса хәажәкырамзазы, евро 85 мааҭ, иара убри ашықәс жәабранмзазы.

Урыстәылатәи абиржақәа рҿы рыхәԥса каҳаит анефҭи агази реилахәырақәа. Москватәи абиржаҿ асааҭ 10:27 рзы амааҭтә индекс 7,5% икаҳаит 2514 пункт рҟынӡа, адоллартә индекс РТС — 12,6%, 1100 пункт рҟынӡа.

"Роснефть" акциақәа 14% рцәыӡит, "Газпром" — 9,9%, "Лукойл" — 13,4%. Аҵәахырҭатә банк ақьаадқәа 9,3% рыхәԥса леит, ВТБ –7,3%.

Ажәабжьқәа зегьы
0