Адәыӷба Новгород-Аҟәа ахь абилеҭқәа рыҭира иалагеит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСкоростной поезд
Скоростной поезд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьатәи амаршрут хацыркын 2019 шықәса нанҳәамзазы. Сынтәа амаршрут аус аулоит абҵарамзанӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аилахәыра "Российские железные дороги" (РЖД) нанҳәа 30 инаркны ихацнаркуеит адәыӷба Велики Новгород – Аҟәа аныҟәара. Новгородтәи аобласт атранспорти амҩатә нхамҩеи рминистрра адәыӷбахь абилеҭқәа рыҭира иалагеит.

"Адәыӷба Велики Новгород – Нижни Новгород Тверь иалсны ицоит. Адәыӷба иацраҳәо авагон Тверь Аԥсныҟа ицо адәыӷба иацрарҳәоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Новгородынтәи Аҟәанӡа еихамҩала амҩа уқәхоит ҩаха-ҩымш инарыцны. Аимадара мҩаԥгахоит абҵарамзазнӡа. Аԥхьатәи амаршрут хацыркын 2019 шықәса нанҳәамзазы.

Адәыӷба аныҟәара аихшанҵа адырра алшоит ИАЕ "РЖД" асаит аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0