Аԥсны анҭыҵгьы абжьыҭара еиҿкаахоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада аӡбрала атәыла ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп атәыла анҭыҵ –Москвеи Черқьесски ҳәа адырра ҟанаҵоит алхратә Комиссиа хада.

Алхырҭатә округ №6, алхырҭатә ҭыԥ № 4 аатуеит Москва, Донскаиа амҩа, аҩны 18/7, аргылара 1 (аметро Шаболовскаиа) аҭыӡҭыԥ ала.

Алхырҭатә округ №6, алхырҭатә ҭыԥ № 5 аатуеит Черқьесск, Первомаитәи амҩа, аҩны №26 аҭыӡҭыԥ ала.

Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

Алхыҩцәа рсиа кнаҳахоит алхрақәа жәамш шрыгу, иара убри аамҭазы аамҭеи аҭыԥи рзы адырраҟаҵара мҩаԥгахоит.

Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа алхратә биуллетенқәа рыла еиқәыршәахоит хәажәкыра 20-21, 2020 шықәсазы. Абжьыҭара мҩаԥысуеит хәажәкыра 22, ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны ахәылҩыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Алхратә комиссиақәа ируалԥшьоуп абжьыҭира аихшьаалақәа рзы аԥкаанҵақәа аокруг акомиссиақәа рахь хәажәкыра 22-23 рзы инаргарц. Абри ашьҭахь аҵыхәтәантәиқәа урҭ аԥкаанҵақәа АКХ ахь инашьҭхоит.

Алхрақәа рышьҭахь хымш рыҩныҵҟа азеиԥш еихшьаалақәа ҟарҵоит, аԥкаанҵа рнапы аҵарыҩуеит. Алхрақәа рылкаақәа ртәы акьыԥхь иарбахоит аԥкаанҵа анапы анаҵаҩха ашьҭахь хымш рыҩныҵҟа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩгьы.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Уажәтәи алхрақәа европатәи ауаажәларратә наԥшыҩцәа рылахәхаӡом, адунеи аҿы аҭыԥ змоу коронавирус апандемиа иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0