Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

© SputnikАлхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа ҳполитикатә ҭагылазаашьа иазнауз анырра ахҳәаа алҭоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Алхрақәа ааигәахеит шаҳҳәоз, Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаараҿы алхратә еиҭашәара ҟалеит. Атәыла ахадарахьы акандидатцәа агитациатә мҩа ишаныз, хәажәкыра 2 рзы иҳауит аинформациа "акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиара уашәшәырахеит" ҳәа. Аԥхьаҩцәа ишыжәдыруа еиԥш, Шәачантәи ҳаиртә мҩала Аслан Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диаган. Иштаб ахаҭарнакцәа ишаарыцҳауаз ала, игәабзиара аҭышәынтәалара иаҿуп. Ари ажәабжь ауаа ианрылаҩҩуаз, ицәырҵит аҳақьымцәа рыла ишьақәырӷәӷәамыз "дырҩегьых ахәшә ирҭеит" ҳәа агәаанагарақәа.

Хәажәкыра 2 рзы хынҭаҩынҭаран. Апарламент акәзар, изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагеит, иара убас акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Леонид Ӡаԥшьбеи аҳәамҭақәа ҟарҵеит рыштабқәа русура шааныркыло азы. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟанаҵеит акандидат Бжьаниа иштабгьы. Акандидат игәамбзиара хьаас ишьҭызхыз адгылаҩцәа Аҟәатәи аштаб иаҭааит иҟоу аҭагылазаашьа аилкааразы. Аштаб ахада ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа адгылаҩцәа ирылеиҳәеит "Иҟоуп азеиԥш позициа, ҳара ҳада арҭ алхрақәа ҟалаӡом" ҳәа.

Бжьаниа иштаб алхрақәа рыҿҳәара анахара атәы иалацәажәоит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа иштаб алхрақәа рыҿҳәара анахара атәы иалацәажәоит

Хәажәкыра 3 рзы амш аҽарцәгьеит аполитика аганахьала. Аԥсны аиҳабыра рыҩны аԥхьа еизеит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа. Дара аҳәамҭақәа ҟарҵеит аиҳабыра рӷьырак, хықәкыла амчратә усбарҭақәеи араионқәа рхадацәеи, насгьы АКХ ахантәаҩи ԥхьатәара ирышьҭырц. "Урҭ аԥырхагоуп намысла алхрақәа рымҩаԥгара", - иазгәарҭеит еизаз. Абарҭқәа рыдагьы, "Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ԥхьатәара дцароуп, алхракәа нҵәаанӡа Апарламенттә напхгара ыҟазааит" ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит. Аоппозициатә штаб ахада Александр Анқәаб иакәзар, "ҳара уи аизара ҳус алам", - иҳәеит. 

Амш гәрымуанаҵы, еилаҳкааит аабыкьа агенералра зырҭаз "Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр хымԥада ԥхьатәара дышьҭтәуп" ҳәа еизаз аоппозициаа азҵаатәы алкааны ишышьҭырхыз. Дара ишазгәарҭо ала, аминистр "акандидат Адгәыр Арӡынба диуоуп", еилыркканы иаҳҳәозар, ианшьа гәакьа иоуп. Ари азы аиҳабыра рыҩны аԥхьа еизаз рахь инеиз Адгәыр Арӡынба иҳәеит "аминистр азакәан еилеигазар, закәанала иахәаԥшырц". Аиуара дазааҭгыло, Арӡынба аоппозиционер Леонид Лакербаиагьы Арӡынаа дышраҳәшьаԥаз ааигәалаиршәеит.

Ари аҭагылазаашьа иаҳнарбоит хәажәкырамза ҭынчны мҩасшьа шамам. Ицәқәырԥоит аԥсуа политика.

ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ аҟны еиҭарҳәеит ахада иалхра аҿҳәара ахыгара аныҟало атәы

Иахьа, хәажәкыра 4 рзы Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра иҳаланаҳәеит Бжьаниа идиагноз - "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәыхь". Уажәы зҵаара хадоуп Бжьаниа алхрақәа дрыхьӡоу дырхьымӡоу. "Алхрақәа ҳара ҳада мҩаԥсышьа рымам" ҳәа Лакербаиа иҟаиҵахьаз аҳәамҭазы Арӡынба иҳәеит "изаауп уи аҩыза алкаа аҟаҵара" ҳәа, иара убас, ақәыӷәӷәаратә методқәа дшырзыразым азгәеиҭеит.

Анцәа иҳәар, аоппозициаа рхада игәабзиара шьақәыргыланы агитациатә процесс ахь дхынҳәыр ауеит, усҟан хәажәкыра 22 рзы алхрақәа мҩаԥысуеит. Ус акәымкәа, акандидат игәабзиара инамҭар, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу алхрақәа дырҩегьых ахынҭаҩынҭарахь ҳнаргар алшоит. АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Sputnik ахҳәаа аиҭеит руаӡәы далҵыргьы, егьырҭ ԥызкуа закәан шыҟам.

"Иаҳҳәап, Бжьаниа аҽалархәра илымшар, иаҭахуп хаҭалатәи иарзаҳал, ма аӡбарҭа аӡбамҭа. Абри адагьы, егьырҭ акандидатцәагьы аетикатә ган иазхәыцны аҽалархәра шырҭахым азы адырра ҟарҵар, алхрақәа рахгара алшоит", - ҳәа азгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы. Ус акәзаргьы, Бжьаниа ида алхрақәа мҩаԥысыр, Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа еиҭашәар алшоит. Аҳәара уадаҩуп, мап ацәыркуоу, азакәан ирнаҭо амҩа иқәлоу.

Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны
Шамба: Аслан Бжьаниа алхрақәа рҟынӡа ишьапы дықәгылоит

Иахьа аполитикатә дәаҟны еиҳа иџьбароу аиндаҭлара зыбжьоу ҩ-мчык роуп: ганкахьала - иахьатәи амчра иадызцәыло, егьырахь - 2014 шықәсанӡа амчраҿ иҟаз ирыдгыло. Анализ дукгьы аҭахым, аштабқәа унарылс-аарылсыр иубоит досу ихы ахьхо.

Исҳәарц сылшоит еибарххо рымчқәа еибакапануа иҟазар ауеит ҳәа, аха мҩашьарада издыруеит, зегьы еилыркаауеит ҳәагьы сгәы иаанагоит алхыҩцәа рӷьырак агәрагара зырҭо дшыҟам азы, уи шьақәнарӷәӷәоит ҵыԥхтәи алхрақәа рылҵшәа. Ус иҟалеит, избанзар аибашьра ашьҭахьтәи амчрақәа рыԥсахра позитивла ианымԥшит ауаа рсоциалтә ԥсҭазаара. Аԥсны тәыла хәыҷуп, зегь еибадыруеит, акоррупциа иахырҟьаны иҭаркхьоу дыҟамзаргьы, амчра агәарабжьара иҩнысхьоу рахьтә досу имоу-ихӡу, иахьирҳаз уҳәа аилкааразы аԥшҩы лахь ацарагьы аҭахым.

Ари анысыҩуа иуадаҩуп хәажәкыра 22 рзы алхрақәа хымԥада иҟалоит ҳәа аҳәара. Иҟамлар, ҳара иҳауеит нҵәара зқәым алхрақәа, избанзар, хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, ажәлар рӷьырак игәра ганы адгылара зырҭаша аполитикцәа рсиа рацәам. Асоциалтә ҳақәа ирҭоу ирыҩуа улаԥш ахугар, иубоит алхырҭатә ҭыԥқәа рахь анеира згәы иҭам шмаҷҩым. Иҟалараны иҟоу ахҳәаа аҭара қьар злам усуп, аха аҽынкылареи аилабжьареи анаҳмоу, аԥсуаа зҳәынҭқарра ахада дыззалымхуа милаҭхеит ҳәа ҳаӡбахә адунеитә информациатә цәаҳәаҿы ицәырҵыр алшоит.

P. S. Иацы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба акандидатцәа анидикылоз, зыпрофессионалтә уалԥшьа анагӡаразы инеиз ажурналистцәа Изида Ҷаниеи Ольга Џьонуеи, дара иҟарҵаз аҳәамҭақәа рыла, аԥықәсла роуит, "аиԥылара ахьыҟаз ҳхармыжьларц иалагеит, анаҩсан амитингуаа иреиуаз аӡәы инапы шьҭихит" ҳәа феисбуктәи лдаҟьаҿы ианылҵеит Ҷаниа. Сара уа сыҟамызт, аха иҳақу усны исыԥхьаӡом ажурналист лус аԥырхагахара, анапышьҭыхра аҭыԥ амазар, уи аҵкыс еицәоу ыҟахума?! Ала бзиа аԥҳәыс илеишуам рымҳәои…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0