Иԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы Едуард Лимонов

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭдуард лимонов
Эдуард лимонов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амассатә-информациатә хархәагақәа ишырыҩуа ала, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ашәҟәыҩҩы агәамбзиара иман. Жьҭаара аахыс ахәышәтәырҭа дҭан. Едуард Лимонов 77 шықәса ихыҵуан.

АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. 78-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы, аполитик Едуард Лимонов. Абри атәы Telegram-канал аҿы иҩит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Сергеи Шаргунов.

Едуард Лимонов деицырдыруеит абарҭ ирҿиамҭақәа рыла: "Это я - Эдичка", "Палач", "Иностранец в смутное время".

Ашәҟәыҩҩы ихьыӡҵәҟьа Вениамин Савенко ауп, диит Харьков 1943 шықәса рзы. Апсевдоним "Лимонов" ихы иархәаны дыҩуан.

Асовет Еидгыла еилаҳаанӡа, 70-тәи ашықәсқәа раан Америкаҟа нхара диасит. Урыстәылаҟа дхынҳәит 1991 шықәсазы.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Лимонов Аԥсныҟа дааны аԥсуа жәлар адгылара шриҭоз ааирԥшит. Уи усҟан ара иҟазаара иалҵшәаны иҩит аочерк "Аботаникатә баҳчаҿы аибашьра".

Ажәабжьқәа зегьы
0