Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қаџьаиа ашәырқәа рыхәшәтәра иазкны: ҵыԥх ҳаиӷьын сынтәа аасҭа

© Foto / предоставлено Валерием КаджаяВалерий Каджая
Валерий Каджая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион, Тҟәарчал ақыҭа ахада Валери Қаџьаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы рыбзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Тҟәарчал ақыҭа абзазашьа иазкны

"Ҳацәгьаӡам, хәыҷы-хәыҷ ҳаиӷьхозар ҳәа ауп. Ачымазара акоронавирус Анцәа иааимышьҭып ҳәа ҳгәыӷуеит, избанзар Тҟәарчал хәышәтәырҭала ҳаиқәшәам, ақыҭаҟны афельдшертә ҭыԥ ҳамам. Ацәаӷәара-алаҵара атәы ҳҳәозар, уадаҩра ыҟаӡам, ақыҭаҟны ҳхатә трактор ҳамоуп. Егьыс ақыҭанхамҩа аус адызуло, араса, ашәыр змоу - ҵыԥх иаҳа ҳаиӷьын сынтәа аасҭа, избанзар ҵыԥх аҳәынҭқарра хәшәыла ҳаиқәнаршәеит. Сынтәа ахәшә ҳамаӡам, иара аамҭагьы иахыԥоит", - иҳәеит Қаџьаиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0