Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аполитолог Ҳагба: алхрақәа ҭынч имҩасыр, анаԥшыҩцәа рыҟамзаара учҳартә иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа рахь имаар, абжьыҭара алҵшәақәа разхаҵара ианыԥшуа-ианымԥшуа иазкны.
Аполитолог Ҳагба: алхрақәа ҭынч имҩасыр, анаԥшыҩцәа рыҟамзаара учҳартә иҟоуп

"Алхрақәа ҭынчны иаҳзымҩаԥгар, азакәан иақәшәоит. Анаԥшыҩцәа ыҟазар бзиоуп, уи адемократиатә принципқәа ирықәшәоит, алегитимтә форма иаҳа иарӷәӷәоит ҳәа ԥхьаӡоуп. Иахьа адунеи аҟны аҭагылазаашьа ҳасаб азуны анаԥшыҩцәа, ажурналистцәагьы маар, ԥаса ибзианы имҩаԥысит ҳәа ишахцәажәоз еиԥш иҟамларгьы, иучҳаратәы иҟоуп, дара алхрақәа иҭынчны, ҳаинааланы иаҳзымҩаԥгар.

Имӡакәа иаҳҳәап, ԥасагьы иахьагьы Аԥсны апровокаторцәа шыҟоу. Урҭ хәыҷык иаанкыланы, акандидатцәа еинааланы алхратә комиссиа ирыланаҳәо рыдыркылар, аҭагылазаашьа зцәымӷхо ҟаларгьы, рҽааныркылоит. Еиҭах ақәгыларақәа мҩаԥааго, мамзаргьы ҳҽаанаҳкыло - уи ауп ихадоу зҵаароу", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0