Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Қәычбериа Очамчыра араион аҿы алхрақәа иахьынӡазыҟаҵоу атәы
"Алхырҭатә ҭыԥ хадакәа ҳамоуп 6, алхырҭатә ҭыԥқәа 33 аартхоит, дара зегьы уажәнатә иатаҳу амаругақәа рыла еиқәыршәоуп. Еиҳарак алхрақәа мҩаԥысуеит ашколқәеи административтә хыбрақәеи рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа Араду ақыҭан, Очамчыра ақалақь ахәбатәии ажәбатәии араионқәа рҿы ахыбрақәа ыҟамызт, аха ахатәы ҩнқәа рҿы аартра алыршахеит. Убарҭ хԥа ҿыц еиқәыршәан, ирҭахыз аҩнымаҭәагьы рзааган. Алхыҩцәа рсиа акәзар, есышықәса аҽаԥсахуеит, иԥсыз дыҟоуп, раԥхьаӡа акәны зыбжьы азҭогьы иҟоуп. Урҭ зегьы еилырганы ишахәҭоу еиԥш аус рыдулоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәычбериа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Алхра аламҭалазтәи адебатқәа: Аслан Бжьаниеи Адгәыр Арӡынбеи злацәажәоз