АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы иҳәеит Москвеи Черқьесски атәыла ахада иалхра активла ишымҩаԥысуа.
Ашьыжь, асааҭ 11 рзы Москва рыбжьы рҭихьан 150-ҩык ҳәа иҳәеит Ақаҩба.
Уаанӡатәи алхрақәа раан Черқьесск рыбжьы рҭиит 441-ҩык, Москва – 840-ҩык.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 152 алхырҭатә ҭыԥ рҿы Аԥсны аҩныҵҟа, иара убасгьы атәыла анҭыҵ –Москвеи Черқьесски.
Алхырҭатә округ №6, алхырҭатә ҭыԥ № 4 аартуп Москва, Донскаиа амҩа, аҩны 18/7, аргылара 1 (аметро Шаболовскаиа) аҭыӡҭыԥ ала. Алхырҭатә округ №6, алхырҭатә ҭыԥ № 5 аартуп Черқьесск, Первомаитәи амҩа, аҩны №26 аҭыӡҭыԥ ала.
Аҳәаанырцә Аԥсны атәылауаа абжьыҭаразы ирымазароуп 2016 шықәсатәи аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟә.
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны АКХ: атәыла ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы хиоуп
-
Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит