Ауаа рааишьа, аҿаршәқәа, акандидатцәа: алхрақәа ирызку аҵыхәтәантәи адыррақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаа рааишьа, аҿаршәқәа, акандидатцәа: алхрақәа ирызку аҵыхәтәантәи адыррақәа
Ауаа рааишьа, аҿаршәқәа, акандидатцәа: алхрақәа ирызку аҵыхәтәантәи адыррақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны имҩаԥысуеит ахада иеиҭалхрақәа. Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит 20:00 сааҭ рҟынӡа, аха АКХ ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, уажәнатәгьы иуҳәаратәы иҟоуп алхрақәа мҩаԥысит ҳәа.

Аԥсны ахадарахьы анеиразы иқәгылоуп Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Sputnik

Ааишьа зеиԥшроу

15:00 сааҭ рзы иҟаз адыррақәа рыла, зынӡа абжьыҭара иахьӡахьеит 43,29% алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала – 56 673-ҩык. Зегьы иреиҳаны активра шаадырԥшыц иаадырԥшуеит галаа, зегьы иреиҵаны – аҟәаа:

  • Аҟәа - 36,5%
  • Гагра араион - 42,2%
  • Гәдоуҭа араион - 47,46%
  • Аҟәатәи араион - 47,65%
  • Гәылрыԥшь араион - 47,92%
  • Очамчыра араион - 48,94%
  • Тҟәарчал араион - 44,32%
  • Гал араион - 57,2%

Алхратә комиссиа хадаҟны ирҳәеит Аԥсны анҭыҵ алхыҩцәа шаҟаҩы рыбжьы рҭихьоу ахыԥхьаӡарагьы. Москва абжьыҭара рхы аладырхәит 417-ҩык ауааԥсыра, Черқьесск – 307.

Асааҭ 15:00 рызтәзи Аԥсны ахада иалхрақәа раан ааишьазы адыррақәа
Ауаа рааишьа, аҿаршәқәа, акандидатцәа: алхрақәа ирызку аҵыхәтәантәи адыррақәа - Sputnik Аҧсны
Асааҭ 15:00 рызтәзи Аԥсны ахада иалхрақәа раан ааишьазы адыррақәа

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа абрифинг аҿы дықәгыло иазгәеиҭеит, абжьыҭара злацо ала, уажәнатә иуҳәар ауеит ааишьа 50% ишахысуа, ус анакәха, алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иуԥхьаӡар ҟалоит.

Ахадарахьы акандидатцәа рҟынтә иахьа зегь рашьҭахь ибжьы иҭиит Адгәыр Арӡынба. Иара абжьыҭара ихы алаирхәит 13:00 сааҭ инархыҳәҳәоны, Афон ҿыц ақалақь, алхратә ҭыԥ хада 20 ахь иаҵанакуа актәи алхратә ҭыԥ аҟны.

Шьыжьымҭан алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит акандидатцәа егьырҭ аҩыџьагьы. Аслан Бжьаниа – иқыҭа гәакьа Тамшь, алхырҭатә ҭыԥ хада №31 иатәу 5-тәи алхратә ҭыԥ аҟны. Леонид Ӡаԥшьба иакәзар, Аҟәа алхырҭатә ҭыԥ хада №2 иатәу 6-тәи алхратә ҭыԥ аҟны.

Алхрақәа ҭынчрала имҩаԥысуеит

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: алхратә ҭыԥқәа рҿы азинеилагарақәа ыҟам

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны абрифинг мҩаԥгауа иазгәеиҭеит алхрақәа раан аҭыԥқәа зегьы рҿы иарбанзаалак зинеилагарак шалкаамыз.

Алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны ашәарҭадара иахылаԥшуеит 850-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа. Москвеи Черқьесски иҟоу алхратә ҭыԥқәа рахьгьы ишьҭуп Аԥсны ААР ацентртә аппарат аусзуҩцәа. Уаҟагьы азинеилагарақәа ыҟам.

Акоронавирус алаҵәара аҿагыларазы шьаҿақәас иҟаҵоузеи ҳәа азҵара аҭакс аминистр иҳәеит: амилициа аусзуҩцәа аҿаршәқәа ныҟәыргаӡом, избан акәзар урҭ рыла ҳаиқәзыршәашаз аусбарҭақәа рус нармыгӡеит ҳәа.

Вирусда алхрақәа

Аԥсны Алхратә комиссиа хадеи Акоронавирус аламырҵәаразы аусбарҭабжьаратә штаби еилахәны алхратә ҭыԥқәа рҟны апрофилактикатә усқәа мҩаԥыргеит, аҿаршәқәеи анапыӡәӡәагақәеи рыла акомиссиа иалахәқәоу зегьы еиқәдыршәеит.

15:00 сааҭ рзы абрифинг аҟны дықәгыло Гогьиа ажурналистцәа авба риҭеит авирус COVID-19 аҽацәыхьчара иахьацәхьаҵыз азы.

"Иацы исыҳәеит абра шәахьтәоу аҿаршәқәа шәзааҳгарц. Абар ишәаҳҭеит, аха аӡәымзар аӡәы ишәханы избом", – иҳәеит иара.

АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аус ауеит ашьыжь асааҭ 09:00 раахыс. Алхратә комиссиа хада, Аҩнуҵҟатәи, Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа, иара убас Апрокуратура хада русзуҩцәа амшнтәарак алхрақәа рцашьазы доусы рганахьала адыррақәа ҟарҵоит ишиашоу апресс-центр аҟынтә. Алхратә ҭыԥқәа зегьы аркхоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рзы.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0