АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи иааиуа заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслана Бжьаниа изы рыбжьы арҭеит 677-ҩык алхыҩцәа, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аҩбатәи аҭыԥ аҟны дыҟоуп Адгәыр Арӡынба, уи изы рыбжьы арҭеит 280-ҩык. Леонид Ӡаԥшьба изы рыбжьы арҭеит 16-ҩык. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 13-ҩык. Ибжьыхын абиуллетенқәа 12. Зынӡа абжьыҭара рхы аладырхәит 973-ҩык.
Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны акоронавирус аҿагыларазы иазԥхьагәаҭаз асанитар-епидемиологиатә уснагӡатәқәа зегьы мҩаԥган. Акандидатцәа зегьы рҟынтәи анаԥшцәа ыҟан.
Акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кәабахьиа иазгәеиҭеит алхратә комиссиахь анаԥшцәа рҟынтәи агәынамӡара ҳәа акгьы шыҟамыз.
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалоит