Алҵшәа бзиа ҟаларц: Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи рнапқәа еимырхит

Анапаҵаҩра
Адгәыр Арӡынба Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аиааира згаз Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит.

Адгәыр Арӡынба Аслан Бжьаниа иштаб ахь дааит уи заанаҵтәи адыррақәа рыла ахада иалхрақәа рҟны иигаз аиааира идиныҳәаларц азы.

Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зегьы аус еицырур шакәу, иагьазгәеиҭеит Бжьаниа аԥышәа змоу аполитик шиакәу, иара убас ипрограммаҿы иарбаз агәҭакқәа зегьы нагӡахоит ҳәа дышгәыӷуа. Уи аҟны Арӡынба икоманда шрыдгыло, ацхыраара шыҟарҵо.

Иара убас Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аслан Бжьаниа заанаҵтәи адыррақәа рыла ирыларҳәаз ииааира идиныҳәалеит ҭелла ианеицәажәоз, иагьеибырҳәеит хәажәкыра 23 рзы иеиқәшәоит ҳәа.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы, абжьыҭара мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны. Атәыла ахадарахьы иқәгылан акандидатцәа хҩык - Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. АКХ официалла алҵшәақәа ртәы аҳәоит ашәахьа, хәажәкыра 23, асааҭ 11:00 рзы.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0