Аофициалтә еихшьалақәа ҟалаанӡа: алхрақәа рзы еилкаау

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКандидат в президенты Абхазии Аслан Бжания
Кандидат в президенты Абхазии Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иацы ихыркәшахеит ахада иалхрақәа. Раԥхьатәи аофициалтә дыррақәа рылаҳәахоит иахьа, асааҭ 11:00 рзы. Аха иофициалтәым аихшьалақәа иаханатәгьы иҟаҵоуп.

Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы абжьыҭара шымҩаԥысуаз, инықәырԥшу аихшьалақәа зеиԥшроу, акандидатцәа ирылоу аамысҭашәара уҳәа ртәы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Sputnik аматериал аҿы.

Актәи атур ала

Аԥсны алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит хәажәкыра 22, асааҭ 20:00 рзы. Алхратә комиссиа хада иаразнакала абжьқәа рыԥхьаӡара нап адыркит. Аха ус шакәугьы, раԥхьатәи аофициалтә дыррақәа Ҭамаз Гогьиа ишәылаҳҳәоит иҳәеит ашәахьа, асааҭ 11:00 рзы. Акандидатцәа рыштабқәа рҟынгьы абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.

Раԥхьатәи иофициалтәым адыррақәа рыланаҳәеит Аслан Бжьаниа иштаб. Урҭ инарықәыршәаны, аоппозициатә блок аԥыза 59% рҟынӡа абжьқәа иоуит, ус анакәха актәи атур аҟны аиааира игоит.

Бжьаниа иштаб инықәырԥшу рдыррақәа рыла, Адгәыр Арӡынба 35% раҟара абжьқәа иоуит, Леонид Ӡаԥшьба – 2% инархыҳәҳәаны. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы рҭиит 1%, даҽа 3% абиуллетенқәа ԥхасҭартәит.

Адгәыр Арӡынба иштаб аҟны уи аамҭазы макьана ҿырҭуамызт. Иофициалтәым абжьыԥхьаӡара ацашьа амонитор аҿы уахәаԥшыртә ицәырҵуамызт. Асистема иахароуп рҳәон.

Леонид Ӡаԥшьба иштаб алаҳәара ҟанаҵеит АКХ аофициалтә дыррақәа ирзыԥшуеит ҳәа. дара рхатә бжьыԥхьаӡара алҵшәақәа рыларымҳәеит.

Аидныҳәаларақәа

Раԥхьатәи инықәырԥшу аихшьалақәа анрыларҳәа Аслан Бжьаниа иштаб аҟны хыԥхьаӡара рацәала еизаз идгылаҩцәа акырӡа ргәы шьҭыҵит. Sputnik акорреспондент гәаартыла ишиарҳәахьаз ала, аҵыхәтәанынӡа агәҭынчымра рыман. Шьоукы-шьоукы аштаб аҿы иҟаз аибарххара афондтә биржаҟны ахәаахәҭрақәа анцо реибарххара иаҿдырԥшуан.

Асааҭ 22:30 рзы аштаб ахь дааит акандидат ихаҭа. Уи аамҭазы иара аиааира шигаз азы аӡәгьы агәҩара имамызт, аидныҳәалара иазыхиан. Аха зегь акоуп, макьанагьы ауаа рылаԥшқәа хан иофициалтәым абжьыԥхьӡара алҵшәақәа знылоз амонитор ахь.

Адгәыр Арӡынбагьы иштаб ахь дааит. Иара идгылаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵоз ацхырааразы, анаҩс ихаҭа дшаҵахаз азхаҵауа, Аслан Бжьаниа иааира идиныҳәалеит.

© Акоп Кущян, Адгур АрдзинбаАлҵшәа бзиа ҟаларц: Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи рнапқәа еимырхит
Аофициалтә еихшьалақәа ҟалаанӡа: алхрақәа рзы еилкаау - Sputnik Аҧсны
Алҵшәа бзиа ҟаларц: Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи рнапқәа еимырхит

Абри ашьҭахь Адгәыр Арӡынба иконкурент хада иштаб ахь амҩа дықәлеит, Бжьаниа хаҭалагьы ииааира идиныҳәаларц. Иара иҳәеит Бжьаниа ипрограммаҿы дызлацәажәоз агәҭакқәа зегьы нагӡахозар Арӡынба икомандагьы рыжәҩахыр аҭара ишазыхиоу.

"Ҳтәыла аҿаԥхьа еиқәылеит апроблемақәеи аусқәеи рацәаны, урҭ зегьы рыӡбара алшом аидгылара ҟамлакәа. Ҳгәы иҭоу зегьы наҳагӡаразы ана-ара игылоу ажәлар аӡәыкны еидкылатәуп, хәышықәса рышьҭахь Аԥсны зыхьӡаз ҳәа алҵшәа бзиақәа рыӡбахә ҳҳәартә азы", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

Аслан Бжьаниа адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа иаҳәо, раԥхьа иргыланы активла абжьыҭара зхы алазырхәыз Аԥсны жәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Ҳара ҳҿы иаҵахаз дҟалаӡом, избанзар хыԥхьаӡара рацәала иҳамоу апроблемақәа рыӡбаразы аԥышәа змоу ауаа рацәаны рџьабаа аҭахуп. Сара даара сақәгәыӷуеит ҳамч еидкыланы акыр шҳалшо", - иҳәеит Бжьаниа.

Иара иазгәеиҭеит убасгьы ишигәаламшәо абас акандидатцәа ианеидырныҳәалоз.

Аштаб аҟны иеизаз Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа иҵегь акыраамҭа еимпуамызт. Ауаа еидныҳәалон, ркандидат ахада иалхрақәа рҿы иигаз аиааира иалагәырӷьон.

Алхрақәа шьақәгылеит

Алхрақәа иофициалтәу реихшьалақәа ртәы уҳәозар, макьаназы иҟоу ааишьазы адыррақәа роуп, дара урҭгьы ҵыхәтәантәиӡам. Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, 18:00 сааҭ рзы ауаа рааира 58,85% артәон.

Алхратә ҭыԥқәа рахь инеит 77 573-ҩык алхыҩцәа. Абасала, ааишьа ахыԥхьаӡарала алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иуԥхьаӡар ауеит. Реиҳа активра аазырԥшыз Гал араион шакәыз иаанхоит, иреиҵаӡоу абжьыҭара алкаауп Гагра араион аҟны.

Аԥсны апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамеи Кәыҵниа АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны имҩаԥысыз абрифинг аҿы иазгәеиҭеит алхыҩцәа рыбжьыҭаратә зин аилагарақәа ыҟан ҳәа аинформациа шырмоуз. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр иазгәеиҭеит алхрақәа раан џьарамзаракгьы зинеилагарак шыҟаҵамыз.

Жәларбжьаратәи анаԥшцәа ракәзаргьы, абжьыҭараан аилагарақәа ыҟаны ирымбеит ҳәа ахҳәаа ҟарҵеит. Аахыҵ Уаԥстәылантә аделегациа ахаҭарнакцәеи аилазаара "Адемократиеи амилаҭқәа рзини" аҳәынҭқарра-алахәцәа рпарламентбжьаратә ассамблеиа ахаҭарнакцәеи иазгәарҭеит абжьыҭара ишацыз азеиԥш гәалаҟара бзиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0