Аԥсны ААР: алхрақәа рышьҭахьтә аамҭаз зинеилагарак аҭыԥ амамызт

© Sputnik / Илона ХварцкияМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭон 850-ҩык инарзынаԥшуа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Хәажәкыра 23 ауха, абжьыҭара ашьҭахь, Аԥсны иахьаҵанакуа џьаргьы зинеилагарак аҭыԥ амамызт ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.

"Ҳара ҳнапы ианын Аԥсны АКХ апресс-центргьы ахылаԥшра. Уоуп алхратә документациа зегьы ахьеизыркуа. Иарбанызаалак зинеилагарак ҟамлеит. Асааҭ жәеиза рзы Аԥсны АКХ ахантәаҩы иқәгылара ашьҭахь ҳусура уаанӡатәи арежим ахь ҳаиасит", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭон 850-ҩык инарзынаԥшуа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа.

Ашәахьа, хәажәкыра 23 рзы Аԥсны АКХ ирыланаҳәеит раԥхьатәи аофициалтә дыррақәа. Урҭ инарықәыршәаны аԥхьагылара имоуп аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа, иара изы рыбжьы рҭиит 56% алхыҩцәа, Адгәыр Арӡынба – 35,42%, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0