Затулин Аԥсны алхрақәа рымҩаԥысшьа ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПленарное заседание Госдумы РФ
Пленарное заседание Госдумы РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 асааҭ 15:00 рзы атәыла ахада иалхразы рыбжьы арҭахьеит 43,29% алхыҩцәа ҳәа аанацҳаит Ацентртә алхратә комиссиа.

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин Аԥсны алхрақәа рымҩаԥысшьа ахәшьара аиҭеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Затулин игәаанагарала алхрақәа иааинырсланы реиҿкаара мҩаԥысзаргьы ахарҭәаара рыгым. Иара убасгьы, иазгәеиҭеит дара аҭагылазаашьа ҷыда рыманы ишымҩаԥысуа.

"Акандидатцәа руаӡәк алхрақәа дрылахәымхар ҟалап ҳәа ашәара ыҟан. Ишаадыруа еиԥш егьырҭ аҩыџьа азыхиан алхрақәа рыҿҳәара анахара, аха Аслан Бжьаниа уи дақәшаҳаҭмызт. Иахьа алхрақәа мҩаԥысуеит", - иҳәоит Затулин.

Иара игәаанагарала иалырхуа акандидат ауадаҩрақәа маҷымкәа изыԥшуп. Ахада ҿыц иара адгылара изымҭоз ауаа ргәы ақәшәашьа иԥшаароуп.

Кандидат в президенты Абхазии Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Аофициалтә еихшьалақәа ҟалаанӡа: алхрақәа рзы еилкаау

Затулин ҿырԥштәыс иааигеит Сергеи Багаԥшь иԥышәа.

"Сгәы ишаанаго ала иара илшеит иаӷацәаҵәҟьагьы иҩызцәахартә еиԥш ргәы акра. Ишәгәалашәозар, усеиԥш аҟаҵара зегьы ирабжьигон Деил Карнегигьы. Иара убасгьы ипроблеманы иҟоуп аҳәынҭқарра ԥхьаҟа аргылашьа амҩақәа ралкаара", - иҳәеит иара.

Константин Затулин иазгәеиҭеит Урыстәыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аҩныҵҟа политикатә ҭагылазаашьеи аҿиара маҷк ашьақәхареи агәынамӡара шанаҭо.

Аҳәынҭқарратә Дума адепутат иҟоу аҩыза аҩныҵҟатә политика дшаҿамгылогьы Апарламент аҿы ареспублика амилаҭтә уаԥшьқәа еиҳа инарҭбааны рыҟазаара акыр хра аманы дахәаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0