Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гоԥиа арԥҳачымазара ахәшәтәразы: иахәҭоу хәшәыла ҳаиқәыршәоуп

© SputnikДжумбер Гопия
Джумбер Гопия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арԥҳачымазара аҿагылара амш адунеи аҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 24 рзы. Ҳтәылаҿы ари ачымазара ахәшәтәразы лшарас иҟоу, бжьаратәла шаҟаҩы ачымазаҩцәа дара рҟны рҽырхәышәтәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ареспубликатә арԥҳачымазаратә хәышәтәырҭа аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.
Гоԥиа арԥҳачымазара ахәшәтәразы: иахәҭоу хәшәыла ҳаиқәыршәоуп

"Ахәышәтәырҭаҟны 130-ҩык рҭыԥ ҳамоуп, иахьала ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара бжьаратәла 23-30-ҩык рҟынӡа ыҟоуп астационар аҟны иаҳзышьҭоу. Егьыс адиагностика аганахьала иааиуа ицо ыҟоуп. Агәабжьанытәқәра ашҟа иаҵанакуеит ачымазаҩцәа аиҳараҩык 40-55 шықәса рҟынӡа рхыҵуеит. Раионцыԥхьаӡа иҟоуп амбулатортә ҭыԥқәа. Ахәышәтәырҭаҟны иҳамоуп адиагностикатә ҟәша, зыҽгәазҭыр зҭаху рзы. Урҭ хымш игәаҳҭоит, анализқәа зегьы ҟаҳҵоит. Ари ачымазара ахкқәа зегьы еиԥшым, убри аҟынтә хазы-хаз ишьҭаҳҵоит. Ачымазара ахәшәтәразы иахәҭоу ахәшәқәа ҳамоуп",- иҳәеит Гоԥиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0