АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны АҬАРқәа аус рулоит атәылаҿы иалагалоу акарантинтә уснагӡатәқәа раан, абри атәы лҳәеит Аҟәа АҬАР аинспектор хада Наала Шьаданиаԥҳа.
"Аминистрцәа реилазаара ҳусура арежим ҳаԥсахырц алаҳәара ҟанаҵеит. —хусурамш ҳаркьаҿырц ҳарҳәеит. Аха аиреи аԥсреи узаанкылом, ҳара ҳахь еснагь ауаа ааиуеит, урҭ рымаҵ аауроуп. Иацы абжьааԥнеиԥш аус ҳуан, иахьагьы аусура макьана ҳаҿуп, ауаа ҳадаҳкылоит", - лҳәеит Шьаданиаԥҳа.
Хәажәкыра 25 инаркны мшаԥымза 7 рҟынӡа Аԥсны аԥкрақәа аларҵәоуп акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчаразы. Абыржәтәи аамҭазы иҟалом амассатә, акорпоративтә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, ачараура. Агәырӷьаратә ныҳәақәа рымҩаԥгарҭа азалқәеи, ақьафурҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи аркуп.
Иара убас иҟалом абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәеи (диути-фри), ауаажәларратә крыфарҭақәеи, аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура. Ауаажәларратә транспортгьы аусура аанкылоуп.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аҟәатәи иаарту аинститути, иара убас абжьаратә-профессионалтә ҵараиурҭақәеи, ашколқәранӡатәии, абжьараҵаратә усбарҭақәеи рҟны аҵара аанкылоуп мшаԥымза 7 рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны ашколқәа рҟны аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхуп
-
Аррамаҵурагьы ԥшыр акәхеит: Аԥсны аррахь анаԥхьара аҿҳәара инахоит