Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа акоронавирус азы: макьана ишьақәыргылам хҭыск ԥстәык аҟнытә ауаҩ иахь ииасит ҳәа

© Sputnik Роман Џьопуа
Роман Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалшома акоронавирус аԥстәқәа рахьынтә ауаа рахь аиасра, насгьы урҭ ари ачымазара мҩаныргартә еиԥш ашәарҭара ыҟоума, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.

 

Џьопуа акоронавирус азы: макьана ишьақәыргылам хҭыск ԥстәык аҟнытә ауаҩ иахь ииасит ҳәа

"Акоронавирусқәа зегьы уажәраанӡа аԥсаатәқәагьы ауаагьы еицырӡеиԥшны иҟаз чымазаран. Арахәгьы ирыхьыр алшоит, избанзар хшыла иааӡоу акласс зегьы еицырзеиԥшу чмазароуп. Уи инаҷыданы аԥсаатәқәагьы ирыхьуеит ҳәа иԥхьаӡоуп, аха фактла иуҳәозар, аԥсаатәқәа рзы уи шәарҭам, насгьы уажәтәи ачымазара ахкы уи ауаа рзоуп изшәарҭоу. Ачымазара аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи имҩанырго атәы макьана аҵарауаагьы ирыздыруам. Ари акоронавирус хкы ҿыцуп, макьана иахьынӡахәҭоу иҭҵааӡам. Аха иҟоуп амеханикатә мҩангара ҳәа изышьҭоу, уигьы хшыҩзышьҭра зҭатәу фактуп. Аԥсҭәқәа ирыхьны нас ауаҩ иахь ииасуеит ҳәа уи аҩыза ахҭысқәа даара имаҷуп. Иахьа уажәраанӡа излашьақәгылоу ала, ари авирус Китаи ианцәырҵ нахыс макьана ишьақәыргылаӡам хҭыск ԥстәык аҟнытә ауаҩы иахь иасит ҳәа. Ари ауаа рыбжьара ауп еиҳарак иахьеимырдо, уи аҩыза ашәарҭара ыҟаӡам аԥстәқәа рҟнытә ауаа рахь ииасуа ҳәа. Аҿкы амҽхак аҽарҭбаар, ауаа рахьынтә аԥстәқәа рахь ииасар алшоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.   

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.  

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0