Бганба лхаа рзы: анхацәа адгьыл ақәаарыхра аинтерес дырктәуп
"Ақыҭақәа рҿы ихадароу ауадаҩрақәа амҩа, аӡы, афымцалашара ирыдҳәалоуп. Анхаҩы ихы ныҟәигоит, адгылара имазар. Ауаа анхарахь аинтерес ркыроуп, адгьылқәа рацәаны ирымоуп, аха ажәырҭ, абнара рхысит. Ҳкыҭаҟны анкьа ажь, аҭаҭын, ачаи аус рыдырулон. Аҳәынҭқарра ду анеилабга адгьылқәа ркит, убарҭ рҟны иқәаарыхроуп, абизнес маҷ нап арктәуп, ак хәыцтәуп. Иҟоуп аҷкәынцәа ашьха зааӡо, ааигәа аферма маҷ нап аиркит аӡәы, иҟоуп уҭрак ҟазҵо. Азауад ду ҳәа акгьы ҳамам, иҟоуп абӷанҷ зауад маҷқәа ҩбаҟа.
Аӡы азы ауадаҩрақәа ыҟоуп, аӡымҩангагақәа хеит, иахьыԥсахтәу рацәоуп", - иҳәеит Бганба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Агрба Мгәыӡырхәа ӡыла аиқәыршәаразы: сынтәа аусурақәа раӷьырак ҟаҵахап ҳәа ҳгәыӷуеит
- Адлеиба Ӡыгәҭа ақыҭазы: аӡы азҵаара зегь раасҭа иҵарны иқәгылоуп