Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа арежим ҷыда алагаларазы: ҳажәлар азакәан иқәныҟәароуп рхы рыхьчарц

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Кварчия
Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит арежим ҷыда алагалараан ауаажәлар азакәан иқәныҟәароуп акоронавирус аҟынтәи ахыхьчаразы ҳәа.
Кәарҷиа арежим ҷыда алагаларазы: ҳажәлар азакәан иқәныҟәароуп рхы рыхьчарц

Аԥсны Жәлар реизара изаамҭанытәым аилатәараҟны арежим ҷыда алагаларазы ақәҵара иадгылеит. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо  Валери  Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит акоронавирус апрофилактиказы хәажәкыра 28 инаркны атәылаҟны аҭагылазаашьа ҷыда алагалазарц.

"Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо иқәҵара шьақәҳаргәӷәеит изаамҭанытәым ҳаиқәшәараҟны. Уаҟа иарбоу аусқәа зегьы рҭыԥ рықәҵаразы азакәантә ҵаҵӷәы ыҟазароуп. Ичыдоу аҭагылазаашьа иашьашәалоу ахныҟәгашьа иазку азакәантә қәҵара ҳадаҳкылеит. Амала уаҟа акы-ҩба ахәҭаҷқәа уи аҟара ихәарҭам алхтәуп ҳәа рыӡбеит адепутатцәа, ихадароу зегьы аанхоит, ҳажәлар рҽазыҟарҵароуп азакәан инақәыршәаны аныҟәара, рхы рыхьчароуп, мамзар ҳусқәа уадаҩхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0