Даҽаӡәы ицәа аламкьысра: аԥсшәеибыҳәара аетикет аԥсуаа ртрадициатә культураҿы

© Foto / Эсма ТодуаАԥсшәеибыҳәара
Аԥсшәеибыҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аԥсшәеибыҳәара аетикет зеиԥшраз атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсшәеибыҳәашьа аформақәа ажәларқәа зегьы рҟны еиԥшым. Досу ртрадициатә культура зеиԥшроу ала раԥсшәеибыҳәаратә формақәа еиуеиԥшым. Иаҳҳәап аиапонецҵәа аԥсшәа анеибырҳәо ихырхәоит, урҭ рхырхәашьагьы х-ҟазшьак аанарԥшуеит: актәи, асаара ахырхәара – изеихырхәо ауаҩ иахь аҳаҭырқәҵара ду аанарԥшуеит, аиҳарак зықәра дуу ауаа ирзынархоуп, аҩбатәи, ахыи ахәамци рылашьҭра (абжьаратә хырхәара), ахԥатәи – ахы арҵысра. Индиаа раԥсшәеибыҳәара акәзар, "намасте" – "суеихырхәоит" аанагоит, ауаҩы инапсыргәыҵақәа еидкыланы игәышԥы иамариашан дҩахоит, ихгьы лаирҟәуеит, дхырхәоит. Ҭырқәтәыла инхо аиҳабы иеихырхәаны, инапы рылахь иадыркылоит (агәыӡра ашьҭахь ицәырҵыз акоуп ҳәа азгәарҭоит).

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Тәыми ҩнатәи "еилаҵо", мамзаргьы аԥсуаа ҳаԥсшәа еибыҳәашьа

Аԥсуаа ҳҟны аԥсшәеибыҳәара акультура акыр иҳаракыуп. Изныкымкәа аетнографцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи ишазгәарҭахьо еиԥш, аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аԥсшәеибыҳәашьа аформақәагьы еиуеиԥшым: уи ауаҩы даныбназо аума, аҵла данықәу аума, аџьаус данаҿу аума. Аԥсрақәеи агәырӷьарақәеи рҟны ауаа раԥсшәеибыҳәашьагьы хаз-хазуп. Иахьа амҩадуқәа рҿы иубо аԥсшәеибаҳәашьа аԥсуаа акыр ирцәыхароу азнеишьақәа аныԥшуеит: ахацәа рнапқәа еимыхны аԥсшәа еибырҳәоит, аҳәса гәыдеибакылоит, уимоу аԥҳәыс ахаҵа дгәыдкыланы аԥсшәа аниалҳәогьы уԥылоит, мамзаргьы ахацәа ангәыдеибакыло. Иаанханы иҟоуп макьана аԥсшәеибыҳәараан ахы арҵысра. Аха ари аԥсшәеибыҳәаратә форма иахьа иаҵоу зынӡа даҽа ҟазшьоуп. Иаҳҳәап, ус еиԥш ала аԥсшәа еибырҳәоит аҭаца, ма амаҳә рабхәараа рганахьала, мамзаргьы иааигәаны изеибамдыруа ауаа. Уаанӡа акәзар, ахырхәара (баша иаармаҷны ахы арҵысра акәым) ихадараз аԥсшәеибыҳәаратә форман.

"Аԥсшәеибыҳәара" – иара ажәа ахаҭа аԥсшәа еибырҳәеит, аҳаҭыр аадырԥшит аанагоит. Иахьа ҳахьынаԥшааԥшуа иаҳбоит ауаа аԥсрақәа рҟны ианеибабогьы рнапқәа еимыхуа, еибагәӡуа аԥсшәа шеибырҳәо. Аԥсраҟны ас еиԥш аԥсшәеибаҳәыра зынӡаск ҟалашьа амамызт уаанӡа. Аԥсрахьы инеиз ауаҩы "мшыбзиа", "бзиара умаз" ҳәа аӡәгьы аԥсшәа еиҳәаӡом, избанзар дахьыҟоу агәырҩаҿоуп. Аԥсшәа мҳәакәа аӡәы уиеҩсыр анамухгьы ҳаҭырқәҵарала рхы иаармаҷны идырҵысуан ауп.

Абжьааԥны акәзар, аԥҳәыс еиҳабы илзааигәо аӡәы аԥсшәа аниалҳәоз дикәшон, мамзаргьы лнапы ыргьежьны ихылгон "иухьша сыхьааит", "ухаҵкы сцааит", "уаԥхьа сыԥсааит" ҳәа ицәгьа-мыцәгьа лхахьы иго. Аӡәы дыштәо даҽаӡәы дааҩналар ихаҵгылон, иахьеиԥш игылазшәа ныҟаҵан акәым, ишиашоу иҩагылон, иҩналаз ауаҩ иахь раҳаҭыр аарԥшуа. Иҩналаз иакәзар "шәтәа" ҳәа игылаз днареихырхәан, аҳаҭыр иқәырҵаз азы иаргьы раҳаҭыр баны инаиртәоит, урҭ антәалак ашьҭахь ауп иаргьы дантәо. Убри аан рнапқәа еимымхӡакәа "шәышԥаҟоу, зегьы ргәы бзиоума" ҳәа инеизҵаауеит, нас ашьшьыҳәа аицәажәарахь иниасуеит. Аҩны иааиз асас иакәзар, асас иаԥхьа аԥшәмацәа тәаӡом, асас иааира "Анцәа иааира" ишадыркылоз ала аҳаҭыр ду аадырԥшуан. Асасгьы аԥшәмацәа имырааԥсаразы дшьанхалацәаны акәымкәа раҳаҭыр баны идыргалаз аҭыԥ аҿы днатәон.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Аԥсуа-адыга культураҿы ахацәа аԥсшәа анеибырҳәо анапеимырха аасҭа иҟаз агәыдеибакылара ауп – агәы адкылара. Адыгаа рҟны ари акультура еиҳа еиқәханы иҟоуп аԥсуаа ҳҿы аасҭа. Иара убас, ахацәа аԥсшәа анеибырҳәоз рарӷьа напы ҩышьҭырхуан ргәышԥы иамариаша, рнапсыргәыҵа аартны, рнацәақәа аҭаҷкәым еиԥш маҷк иааизырҵәаны. Агәырӷьараҿы акәзар, рыҩнапыкгьы убас еиԥш ианышьҭырхуаз ҟалалон, иахьагьы иуԥылоит ус еиԥш анапырхахара (жест), рыҩнапык ианҩахо "зегь бзиоуп" аанарго.

Ахаҵеи аԥҳәыси (арԥыси аҭыԥҳаи) аԥсшәа анеибырҳәо иахьа ишыҟоу еиԥш аӡәы егьи дигәӡуа, ма лмахәар икуа зынӡаск ҟалашьа амамызт, уи дирԥхашьоит, ихьымӡӷуп ҳәа иԥхьаӡан.

Аԥсуаа раԥсшәеибыҳәара аформақәа рҿы иҟоуп иара убас алахь агәӡреи ауаҩы игәы агәӡреи. Аха ас еиԥш иҟаз аԥсшәеибыҳәара аиҳарак изыбжьаз аиҳабацәеи ахәыҷқәеи ракәын. Ахәыҷы ихҭакра, ицәа адкьыслара, иӡамҩа агәӡра бзиаӡам ҳәа ирыԥхьаӡон, ицәа бжьысуеит, ма игәы дакуеит (дарӡәоит) ҳәа рыԥхьаӡон, иахьагьы иҟоуп ус еиԥш азгәазҭо аиҳабацәа.

Уажәтәи ҳаамҭа иарҿио аԥсабаратә цәырҵрақәа иаҳдырбоит ҳатрадициақәа рахь ахынҳәра шаҭаху. Зыӡбахә ҳҳәаз аԥсшәеибыҳәаратә формақәа аҳаҭыреиқәҵара адагьы ацқьара аныԥшуан – даҽаӡәы ицәа аламкьысра.

Арҭ амшқәа рзы ана-ара иуаҳауеит "ҳқыҭақәа рахь ҳцап, ҳаарыхрақәа ҟаҳҵар амла ҳагарым, аҳауа цқьагьы ҳфап" ҳәа. Ари иунарбоит аԥсуа идацԥашә ахьыҟоу, хеиқәырхагас имоу, иқьабзқәа ргәы ахьеисуа, ибызшәа аԥсы ахьахоу ақыҭаҿы шакәу. "Ацәгьа умбакәа, абзиа уздырам" ҳәа шырҳәо еиԥш, издыруада ари аҭагылазаашьа иабзоурахар ҳқыҭақәа рызхьаԥшра, нап дыркра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0